Ҽааныбзиала, Аԥсны!

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшықәҿыцазтәи Москва.
Ашықәҿыцазтәи Москва. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилолог, Леон иорден занашьоу, Аԥсуа ар амаиор, москватәи агазеҭқәа рырратә корреспондент, Аԥсны Ашәҟәы шкәакәа аиқәыршәаҩ Татиана Шутовеи Павел Флоренскии Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа Ашықәс ҿыц рыдырныҳәалоит.

Аб Виссарион иазиԥхьаӡоит аныҳәаҿа икьаҿу матанеироуп ҳәа. Аԥсуа ныҳәаҿақәа рҳәашьа ҳирҵон ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз ҳҩыза, Рауль Хонелиа. Убри азы ҳадныҳәаларагьы ныҳәаҿак еиԥшхар ҳҭахуп. Ҳалагоит ажәытә адыга легенда ала:

Асқьерцәа зҭаз аҭырқәа шхәақәа Кавказ амшынԥшаҳәа иаахықәгылеит. Урҭ ирдыруан арҭ аҭыԥқәа рҟны ишынхоз игәымшәаз адыгажәлар. Ашьха қыҭақәа рҟны ауаа рацәаны инхо инымхо, бџьарла излеибыҭо уҳәа аилкааразы ахьча хәыҷы дааныркылан иазҵаара иалагеит. Ахьчахәыҷы араӡны ԥара сышәҭар зегь шәасҳәоит, амҩагь шәсырбоит иҳәеит. Асқьерцәа аҷкәын дзыҳәаз ирҭеит. Иара акраамҭа урҭ ашьха мҩахәасҭақәа рыла еикәиршон. Аҵыхәтәан ашьхара илбааҽҽаны инеиуаз аӡиас инхықәиргылеит. Шьапыла узырсуамызт – акыр иҵауылан, акыргьы иаӷьын. Ацҳагьы узыхҵомызт – иҭбаан. Нырцәҟа адыгаа рбаа гылан. Аԥшаҳәа иаваз абнара днахәаԥшны, нырцәҟа уиасырц азы ақдеидҳәалақәа рыла аӡы ухылароуп иҳәеит. Аҭырқәцәа хымш инарзынаԥшуа абна хшьааны ақдеидҳәалақәа ҟарҵон. Аӡы иныхҵаны инақәтәеит нырцәҟа ииасырц. Агәҭаҟны инеиуаны, аӡӷьыра иааиланаргьыжьын аҵахь иаман ицеит. Аӡәызаҵәыкгьы дзалымҵит. Ахьчахәыҷы дԥышәырччо хыхьҟа, ацҳакнаҳа ахьыҟаз ахь иҿынеихеит. Ижәдырма изакәытә бнараз аӡԥшаҳәа иаԥныз? Ашыцбнара. Абас ашыц жәларык еиқәнархеит.

Хьыбла Гьерзмаа: ашықәс ҿыц азы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчреи агәыҳалалреи

Абасала ашыц адыга жәлар рзы итотему ҵлоуп. Ииасыз ашықәс уадаҩын. Ашыцбнара иақәлеит амцаԥшьхәаҷа. Ааха ду анаҭеит Пицунда, Риҵа, Ԥсоу, Шәача, Адыгатәыла уҳәа иахьрыҵаркуаз. Зехьынџьара амцаԥшьхәаҷа иаҿагылан иқәԥоит. Аԥсны аибашьраан рхы иадырхәоз адельтоплан ала ихәышәдыркуеит абнарақәа. Иҟоуп агәыӷра ҳазҭало аӡынра цәгьахоит ҳәа, Наполеон Урыстәыла далызцаз ахьҭеиԥш ашьхараҟны ахьҭа иннарҵәап ҳәа амцаԥшьхәаҷақәагьы.

Ҳара даара игәра аагоит ҳҩыза, Аԥсны аекологиа аинститут аԥызҵаз, Аԥсны аеколог хада Роман Дбар. Иара илшо зегь ҟаиҵоит ари арыцҳара аиааиразы. Аха зегь раасҭа ахатәы мчқәа рыгәра игоит. Агәра игоит аԥсабараҟны ицәырҵып ҳәа амцаԥшь хәаҷа иаҿагыло. Ашыцра ҳәарада еиҭашьақәыргылахоит. Аха рыцҳарас иҟоу иара аизҳара даара иацәыуадаҩуп. Хышә-хәышә шықәса рышьҭахь ауп иахәҭоу аҭагылазаашьа анаиуа.

Аԥсны еснагь еицырдыруан ашықәс рацәа нызҵыз ауаа рыла. Азеиӷьашьара ҟаҳҵоит иахьа абри адгьыл лаша иқәынхо ауааԥсыра ашыцра аинҭәылара рбартәеиԥш аҟынӡа рыԥсҭазаарақәа аухарц. Аԥсны иқәынхо ажәлар ирзеиӷьаҳшьоит ашыц еиԥш аӷәӷәара роурц, анапхгара ракәзар еилыркаарц, ашыцеиԥш еснагь ахатәымчқәа шракәу изықәгәыӷтәу. Зегьы ишәзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, акзаара, агәырӷьара. Абри ауп матанеажәаны иҳамоу. Ашықәс ҿыц шәадныҳәалаз!

Ажәабжьқәа зегьы
0