00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Сынтәа еиҭашьақәыргылахо Аԥсны аихамҩатә вокзалқәа
13:20
5 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
13:45
11 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аԥхын аус шауа
13:56
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Турсезон в Гагре
14:17
24 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Руслан Барцыц: сара атәыла сахадазар Амшын азы аминистрра аԥысҵон

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Барцыц.
Руслан Барцыц. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа аҵа амаӡақәеи урҭ рыҭҵаара заҟа Аԥсназы рҵакы дууи дрылацәажәеит археолог Руслан Барцыц.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Аԥсны адгьыл аҵатәии аӡаҵатәии дунеи амаӡа рацәа ҭаҵәахны ирымоуп. Амшын аҵа аҭҵааразы иаԥҵазар бзиоуп хаз иго еилазаарак, ҳәа ишьоит аҭоурыхдырыҩ, археолог Руслан Барцыц.

"Сара атәыла сахадазар Амшын азы аминистрра аԥысҵон. Ҳара амшын ҳаԥнуп. Зқьышықәсала ара ҳанхоит. Ҳкультура зегьы амшын иадҳәалоуп", — иҳәеит Барцыц.

Акраамҭа аинформациа аизгара знапы алаку археолог иҳәоит иҭҵаам арымӡаа шыҟоу.

"555 шықәса рзы ҳаамҭазтәи Афон ҿыц ахьыҟоу имҩаԥысит амшын аҟны византиааи аԥсуааи рыбжьара аибашьра ду. Заҟа ӷба алахәыз, заҟа ӷба ҵаарҟәрылаз уи аибашьраҟны аӡәгьы издырам".

Акыр зҵазку археологиатә ԥшаара ҟаҵан Гагра

Зны, Риаԥшь аӡиас амшын иахьалало аҭыԥ аҟны аԥсыӡкыҩцәа амшын аҵаҟны ирыԥшааит амрамор иалхыз аколоннақәа иреиԥшыз маҭәарқәак. Шықәсқәак рышьҭахь аводолазцәа урҭ хыхь рҩагара рҽазыркит аха илҵшәадахеит. Уи зыхҟьаз аӡы алыкь ахьнанаго ауп, иҳәоит Барцыц. Иара игәаанагарала урҭ амаҭәарқәа ажәытә бырзен мамзаргьы византиатәи аамҭа иаҵанакуеит.

"Зегьы еицырдыруеит ажәытә қалақь Диоскуриа амшын ишаҵәахыз. Ақалақь аиубилеи азы аконференциақәа рцынхәрас иара ахьыҟаз аҭыԥ аҿы аԥшаарақәа мҩаԥаагар еиӷьӡами", — иҳәоит Руслан Барцыц.

1980-шықәсқәа рзы апрофессор Малахов имҩаԥигон аҭҵаарақәа аӡиа Инкьит акәша-мыкәша. Иара иазгәеиҭеит быжьба-ааба рҟынӡа ӷба аӡиа аҵаҟа иҟоуп ҳәа.

"Инкьит ажәытә аӷбақәа ҭалон. Иара аҵаҟа иҟазар зылшо аӷбақәа ирықәзар ауеит амал рацәа. Ари аҭыԥ аилахәаахәҭра иаҭыԥ дуны иҟан", иҳәоит аҵарауаҩ.

Аԥсыӡкыҩцәа ирыԥшаахьеит ирацәаны амкьаҭқәа, аха еиқәханы иҟоу дара иргоит, аҵарауаа ирзынхо аԥҽыхақәа роуп, ҳәа хьаас имоуп Барцыц. Зны-зынла дара ирбалоит ажәытә ԥырсалқәа.

"Сара исаҳаит ҩышықәса раԥхьа усеиԥш акы аԥсыӡкцәа ишырыԥшааз. Аԥхьа ирыцраҳәаны аҟәарахьы инаргарц рҭахын, аха нас икарыжьит ҳәа".

Аҵарауаҩ иазиԥхьаӡоит иаԥҵатәуп ҳәа аилазаара ҷыда амшын аҵа аҭҵаарақәа мҩаԥызгар зылшо, аҿар абри аганахьала аҵарахьы ишьҭлатәуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0