АҞӘА, ажьырныҳәа 18, Sputnik. Атәыла Ахада Гәдоуҭа аҭоурыхтә хыбра ақәгара дақәыӡбеит. Рауль Ҳаџьымба Апрокуратура хада анапы ианиҵеит Гәдоуҭа ақалақь аҟны архитектуратә хыбра ақәгара афакт ҭнаҵаарц ҳәа аанацҳауеит аофициалтә саит.
Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Ахада изеиҭалҳәеит Гәдоуҭа ақалақь Пушкин имҩаду аҟны изакәанымкәа архитектуратә хыбра шықәыргаз атәы. Аминистрра иазнархиараны иҟоуп Апрокуратура хадахьы азыҳәа аҭыԥ змаз афакт ала аилагаҩцәа рганахьала ашьаус хацдыркырц азы.
"Рауль Ҳаџьымба адырра ҟаиҵеити Апрокуратура хада иахәҭаны иҟаз адҵақәа шеиҭаз азы", ҳәа аҳәоит асаит аҟны.
Акультура аминистр оумашәа илбоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа атәыла Ахада ианышьақәирӷәӷәа ашьҭахь ҩымчыбжьагь мҵыцкәа аҵакы зманы иҟаз архитектуратә обиект ахьықәыргаз.
Рауль Ҳаџьымба анапынҵа риҭеит иаарласны иаздырхиарц араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи иареи реилацәажәара.