Аимҳәа сынтәа еиҳа изаахеит аха аепидемиа ыҟам

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение гриппа и ОРВИ у детей. Архивное фото.
Лечение гриппа и ОРВИ у детей. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аимҳәа зыхьыз рхыԥхьаӡара арбагақәа рыла иуҳәар алшоит аепидемиа ареспубликаҟны иҟам ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны аимҳәа зыхьыз рхыԥхьаӡара арбагақәа рыла иуҳәар алшоит аепидемиа ареспубликаҟны иҟам ҳәа. Абри атәы лҳәеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рсанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

"Ҳара иаҳҳәар ҳалшоит аимҳәачымазара ыҟоуп аха уи аӡәык ҩыџьак роуп макьана изхьысхьо ҳәа. узыцәшәаша аҭагылазаашьа ыҟаны иҟам. Ҳәарада аԥсыҭбарақәагьы аҭыԥ рымам. Егьыс, есышықәсеиԥш аимҳәа ацәырҵра шыҟалац еиԥш иҟалоит", — лҳәоит аҳақьым хада.

Лара убасгьы иазгәалҭоит аимҳәи ОРЗ ҳәа изышьҭо ахьҭалаларатә чмазареи еиҩдыраалатәуп ҳәа. ОРЗ аамҭа-аамҭала есышықәса, еиҳарак аӡын анҵәамҭеи ааԥын алагамҭеи рзы ауааԥсыра ирылаҽуеит.

"Аимҳәа авирус аиҳарак Мрагылара хара аҟынтәи иаауеит. Еиҳарак аамҭаны иаҵанакуа жәабран мзеи хәажәкыра мзеи роуп. Сынтәа еиҳа заа иаҳҭааит. Сынтәатәи аимҳәа Украинантәи ауп ишааз", — лҳәоит Белиаева.

Лара лажәақәа рыла Украина иахьатәи аамҭазы иазгәаҭоуп аимҳәатә штаммқәа хԥа. Арахь иаҵанакуеит H1N1 ҳәа изышьҭоу аштаммгьы. Уи Аԥсынгьы иҟалар алшоит.

Белиаева лажәақәа рыла иаарласны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иалацәажәараны иҟоуп аимҳәа аҽацәхьакреи иаҿагылан ақәԥареи хырхарҭас ирыҭатәу атәы.

Убри адагьы ауааԥсыра ишрылшо ала рҽырыхьчалароуп лҳәоит аҳақьым хада.

"Уҽырԥханы аҽеилаҳәара аҭахуп, ауаа рацәа ахьеизо анеира уҽацәхьоуклароуп. Ауаҩԥсы дычмазаҩхар, егьырҭ иҽрыликаароуп, аусурахь иныҟәара ҟалом. Еиҳа еиӷьуп дышьҭаны ихигар. Аҩнгьы аҭаацәа аҿкы рылеимҵарц асабарда иҿазароуп. Ҩымш рыла иҭагылазаашьа еиӷьымхар, аҳақьым иахь инеитәуп", ҳәа азгәалҭеит Белиаева.

Аимҳәа – иуадаҩу вирустә инфекциоуп. Авирус аӡәы иҟынтәи аҽаӡә иахь ирласны ииасуеит.

Аинкубациатә аамҭа 2-5 мшы инаӡоит. Нас иалагоит аклиникатә цәырҵрақәа. Ачымазара ауадаҩра ауаҩԥсы игәабзиаратә ҭагылазаашьа, иқәра, уаанӡа ари авирус ахкы илалахьазма уҳәа иахьыԥшуп. Авирус уҽацәыухьчар алзыршо ҳәа иԥхьаӡо ауааԥсыра риммунизациа, рвакцинациоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0