АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Акамшьиа акразы аквота аиҳарак абри амзала инагӡоуп, ҳәа ҳаиҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр Ҭимур Ешба.
"Сынтәа амшын аҟны аԥсыӡкра иалагеит заа, ԥхынҷкәын 20 инаркны. Азин ыҟоуп 40 000 тонна рҟынӡа аԥсыӡ акра. Иахьатәи аамҭазы 28 000 тонна ркхьеит", — иҳәеит Ешба.
Аминистр иажәақәа рыла иахәҭаны иԥхьаӡахар иалшоит иҵегь еиҳаны аԥсыӡ акра азин ҟарҵар. Ари азҵаара иалацәажәараны иҟоуп аекологцәа алархәны.
Ешба иазгәеиҭеит акамшьиа акреи аусеиҭадулареи рнапы алакуп азауадқәа хәба ҳәа.
"Ҳара аусеиҭадуларатә зауадқәа хәба ҳамоуп. 40 000 тонна дара рзы ирацәаӡам. Аԥсыӡ араҟа иркуеит араҟагьы ашыла алырхуеит, аԥсыӡхәша алырхуеит. Асезон анҵәамҭаз аалыҵ аҭира иалагоит", — иҳәеит аминистр.
"Ҳара ҳхатәы сеинерқәа ҳамам. Урҭ Ҭырқәтәылантәи арендла аус дҳаруеит. Дареи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭра, аҭыԥ змаз ахҭысқәа ҟалаанӡа иҳабжьаҳҵахьан. Урҭ иахьа ара аус руеит. Иаарласны иаап ҳәа ҳарзыԥшуп 10-12 урыстәылатә ӷба", — иҳәоит Ешба.
Иара убасгьы аминистр иазгәеиҭоит аминистрра ажәалагала азырхиара ишаҿу. Уаҟа иарбахоит Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны Ҭырқәтәыла аекономикатәи ауаажәларра-политикатә лахәыра аркьаҿрақәа рсиа.
"Ажәалагала Аминистрцәа Реилазаарахь инаҳашьҭуеит. Макьаназ инарҭбаан акгьы сызшәаҳәом – аусурақәа ҳрылымгацт".
Аԥсны Урыстәыла Ҭырқәтәыла аганахьала имҩаԥнаго асанкциақәа аҽрыднакылеит ԥхынҷкәын 29, 2015 шықәса рзы Владислав Сурков Аԥсныҟа иаара ашьҭахь. Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны Ҭырқәтәыла аекономикатәи ауаажәларра-политикатә лахәыра аркьаҿрақәа.