Каман ақыҭаҟны анцәа дхазҵо иԥшьоу аӡы рыҽӡааршьит

© Sputnik / Томас ТхайцукКаман ақыҭаҟны анцәа дхазҵо иԥшьоу аӡы рыҽӡаашьра.
Каман ақыҭаҟны анцәа дхазҵо иԥшьоу аӡы рыҽӡаашьра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Каман ақыҭаҟны анцәа дхазҵо иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы рыҽӡааршьит

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ажьырныҳәа 16 ауыха, Иаса Қьырса иӡаахра амшныҳәа иазкны Каман ақыҭаҟны анцәа дхазҵо иԥшьоу Василиск иӡыхь аҟны аӡы рыҽӡааршьит.

"Иахьа ныҳәа дууп. Ҳара Василиск иӡыхь аҟны аӡы арԥшьара ду мҩаԥаагеит", — иҳәеит аԥшьа Иоанн Ахьҿы иуахәама амҵаныҳәаҩ, аигумен Игнатии (Киут).

Иара убасгьы иҳаиҳәеит аӡы арԥшьара абраҟа сынтәа фышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа.

"Иаҳхылаԥшу ӡыла шәыҽӡаашәхла иҳәеит. Аӡаахра Анцәеи ажәҩани ҳарзааигәаны ҳҟанаҵоит. Иӡаахым Жәҩан иҟоу иаҳҭынрахьы мҩа имам, ауахәама далахәыланы дыԥхьаӡам", — иҳәоит иара.

Аигумен Игнатии иазгәеиҭоит абри амш аҽны Каманҟа ишнеиуа адунеи ахы аҵыхәаҟынтә анцәа дхазҵо рацәаҩны.

"Дара арахь иаауеит рҽырхәышәтәырц. Араҟа аӡы шананы иҟоуп, иара иалшоит ауаҩы ихәышәтәра, ирыцқьара. Аӡаахра амш аҽны иара амчра иҵегьы еиҳахоит. Гәыла-ԥсыла уарыцқьар алшоит", — иҳәоит аигумен Игнатии.

Анцәа дхазҵо зегьы аныҳәа ду рыдиныҳәалеит Аԥснытәи адоуҳатә ҵараиурҭа астудент Леуан Харчлаа.

"Иахьа ныҳәа дууп. Абри амш аҽны аӡиас Иордан аҟны Иаса Қьырса дӡаахын. Иаҳхылаԥшхәу иаҳирбеит Анцәа уинаалар шыҟалоу, уҽурыцқьар шулшо. Абри амаӡа ссир адыррада Анцәеи уареи шәакзаара зыҟалом", — иҳәоит Харчлаа.

Сынтәа ҩынтәны акәны Каманҟа даауеит Аԥсны атәылауаҩ Артиом Кремлиан.

"Маҷк ихьҭоуп аха сара сзы ари амш ныҳәа дууп. Аӡы сҽанӡаасшьлак ашьҭахь аласреи адуҳатә хақәиҭреи сныруа сҟалоит", — иҳәоит Артиом Кремлиан.

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник крещения.
Праздник крещения. - Sputnik Аҧсны
Праздник крещения.

Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит.

Есышықәса Аӡаахра амш аҽни ауыхеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.

Урыстәыла, Бырзентәыла уҳәа рҟны абри ауыха имҩаԥыргоит анцәа имҵаматанеины хынтә аҽӡаашьра.

Ажәабжьқәа зегьы
0