Константин Ҭарба: асырӡқәа леиаанӡа аӡиасқәа рҟәарақәа рӷәӷәалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКонстантин Ҭарба.
Константин Ҭарба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭнаплакы "Аԥсныҟәарахьчара" аҟны иаԥҵоу аусутә гәыԥ имҩаԥнагоит ареспублика аӡиасқәа рҭагылазаашьа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ааԥынтәи аӡхыҵрақәа рыламҭалазы аӡиасқәа рҟәарақәа рӷәӷәалатәуп, иҳәеит аҳәынҭнаплакы адиректор хада Константин Ҭарба.

"Ҳара ҳӡиасқәа зегьы шьхаӡиасқәоуп. Ааԥын асы аӡыҭра иалагоит. Убри азы ааԥынтәи асырӡқәа рыламҭалазы аӡиасқәа рҟәарақәа рӷәӷәалатәуп. Аиҳарак абри аамҭазы ишәарҭаны иҟоуп аӡиасқәа Аалӡга, Бзыԥ, Гәымсҭа", — иҳәеит аҳәынҭнаплакы адиректор хада Константин Ҭарба.

Иара иажәақәа рыла аҭагылазаашьа ахылаԥшразы иаԥҵоуп аусутә гәыԥ. Иара аилазаара иалоуп "Аԥсныҟәарахьчара" азанаҭуаа.

"Ҳалагеит Очамчыра араион ала. 90 цҳа гәаҭан ҳархысит. Мықә иҟоуп ацҳа ҿыц. Иара ахәԥса дуӡӡоуп, аха аӡышьҭра мԥсахзар абри аҭыԥ аҟны аӡӷьыра зегьы иара иаднакылар акәхоит. Усеиԥш аан ацҳашьаҟақәа ҵысыр мамзаргьы аӡы иагар алшоит. Усҟан ацҳа ҿыц хҵатәхоит", — иҳәоит адиректор хада.

Ҭарба иара убасгьы иазгәеиҭеит асырӡлеира шәарҭаны ишырзыҟоу ареспублика ақыҭақәа еимаздо егьырҭ ацҳақәагьы. Иара дацәшәоит ацҳақәа рконструкциақәа ааха роур арҭ аимадарақәа аанкылахоит ҳәа. Константин Ҭарба иҳәеит аманиторинг алҵшәақәа ртәы атәыла ахадара ишрызнеиго. Иара убри аамҭаз иазгәеиҭоит аиҿкаара ахатәы ԥарақәа шазымхо иҟоу аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0