Кремльтәи аԥсаӡ рбеит Бзыԥҭатәи ахәыҷқәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБзыԥҭатәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡ аҿы.
Бзыԥҭатәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡ аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аԥсаӡ хадахьы ааԥхьара рыман Бзыԥҭатәи ашколхәыҷқәа

ГАГРА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1, жәаҩаҩык ахәыҷқәа, Ашықәс ҿыцтәи аԥсшьарамшқәа ахаангьы ирхашҭуам. Дара Кремльтәи аԥсаӡ хада абара рылшеит Измаиловтәи араион Мрагыларатәи аокруг Ахадара аиҳабы Алексеи Савичев иҟаиҵаз ааԥхьарала.

Ашкол адиректор лхаҭыԥуаҩ Мирена Гәымбеи аиҿкааҩ Анжела Барганџьиеи аҵаҩцәа рыманы Москва иҟан мчыбжьык иалагӡаны.

Аделегациа алахәцәа ирԥылеит хаҭала Алексеи Савичев, иԥшәма ԥҳәыс Ольга Мельникова, Измаиловтәи араион Мрагыларатәи аокруг адепутат Лиудмила Бочкариова.

Бзыԥҭатәи ашколхәыҷқәа рзы еиҿкаан Москва аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа. Аха ихадоу хҭысны иҟалеит аԥсаӡ хада аҭаара. Ахәыҷқәа рыблала ирбеит Ашықәс ҿыцтәи аныҳәа иацу ашана.

"Ҳара абас еиԥш иԥшӡаз, идууз аԥсаӡ ахаангьы иҳамбацызт. Уаҟа ҳахьынӡыҟаз иаабеит алакәтә-театралтә қәгыларақәа рацәаны. Иҳарҭеит аҳамҭа ссирқәа. Ҳрабадырит егьырҭ атәылақәа рҟнытә иааз ахәыҷқәа. Ҳазегьы ҳгәы иабон алакә ҳалахәызшәа, избанзар ҳахьԥшлак зехьынџьара аԥшшәы рацәа змаз алашарбагақәа рыла ирхиан, ибзианы иаадыруа алакәтә персонажцәа ыҟан, ҳрыдгыланы ҳфотосахьақәа ҭаҳхуан. Ҳара иаҳҭахыуп ҳаԥхьаҟагьы абас еиԥш илахҿыхыу, агәырӷьара рацәаны изцу аԥсшьамашқәа ҳхаҳгарц", — рҳәеит ашколхәыҷқәа.

Кремльтәи аԥсаӡ аҭаара миллионҩыла ахәыҷқәа ргәы азыҳәоит. Бзыԥҭатәи ахәыҷқәа уи аҭаара рылшеит ашкол адиректор Римма Агрбеи Измаиловтәи араион Мрагыларатәи аокруг Ахадара аиҳабы Алексеи Савичеви ирыбжьоу аиҩызаратә еимадара иабзоураны.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБзыԥҭатәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡ аҿы.
Бзыԥҭатәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡ аҿы. - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡ аҿы.

"Ҳашколхәыҷқәа абас еиԥш иссирыз аԥсшьарамшқәа рзеиҿкаара иазааԥсаз ҳдиректор Римма Агрбеи Алексеи Савичеви иԥшәма ԥҳәыси иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ахәыҷқәа ракәым, ҳара адуцәагьы ахаан абас еиԥш иблахкыгаз аныҳәа ҳамбацызт. Москва ҳахьынӡыҟаз ҳгәы ак абар ҳәа ишәаны еснагь ҳгәы ззыҳәоз иазҵаауан. Арҭ аԥсшьарамшқәа иҳамҭа духеит ахәыҷқәа рзы. Иҳацыз аҵара бзианы изҵоз ракәын, убри аҟнытә дара аӡәи-аӡәи еицлабны еиҳагьы аҵра аизырҳара рҽазыршәоит. Агәра згоит, Кремльтәи аԥсаӡ хада аҭаара, иқьабз бзианы ишыҟало ҳашкол азы", — лҳәеит ашкол аиҿкааҩ Анжела Барганџьиа.

Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 анапхгара ҳаԥхьаҟа иргәиҭоуп, Урыстәылатәи аԥсаӡ хадахьы зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуи ахшара рацәа змоуи аҭаацәарақәа рҟнытә ахәыҷқәа ргара.

Ажәабжьқәа зегьы
0