"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" апроект "Ани амаалықьи" аусура иацнаҵоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАпроект "Ани амаалықьи"
Апроект Ани амаалықьи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭалаз 2016-тәи Ашықәс Ҿыц иалагӡаны, аҳамҭақәа рызшоуп 50-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа ҭаацәарақәа.

 АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. 2015 шықәса, ԥхынгәымза инаркны иахьанӡа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала,  ҿыц ахшара зауз аԥсуаа ҭаацәарақәа рзы еиҿкаау еснагьтәи апроект "Ани амаалықьи" аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳамҭақәа рызшоуп 300 инареиҳаны аҭаацәарақәа. Уи еиднакылоит ахәыҷы иааӡараҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа. 

"2016 шықәса рзы, ҳара аҳамҭақәа рхыԥхьаӡара еиҳа иацаҳҵеит. Хымԥада, аԥхьаҟа иҵегьы аизырҳара ҳгәы иҭоуп. Ҳара ҳфонд ахь имҩахыҵуа  аҭаацәа, гәахәала ирыдыркылоит ирыдаагало аҳамҭақәа. Уи ҳара ҳгәалаҟазаара акыр еизнарҳауеит. Ҳаԥсуа ҭаацәарақәа ргәырӷьара рыцеиҩаҳшарц ҳҭахуп. Уи азы, иҳалшо ала ахаҵгылара ааҳарԥшырц ҳҭахуп", — ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа. 

Ҳазҭалаз 2016-тәи Ашықәс Ҿыц иалагӡаны, аҳамҭақәа рызшоуп 50-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа ҭаацәарақәа.

"Сара раԥхьа иргыланы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа аԥхьа днаргыланы, афонд аусзуҩцәа зегьы гәцаракрыла ас еиԥш иҟоу аус ԥшьа иахьадгылаз. Убри инаҷыданы, аԥсуаа ҳҿы еснагь акраҵанакуан асасдкылара. Уи ари аусбарҭа ашәхымс ушынахысыз игәаумҭарц залшом. Сгәы иаанагоит сгәаанагара сыцеиҩыршап ҳәа аҳамҭақәа занашьаз зегьы", — ҳәа азгәалҭоит ан, Елизавета Цьынџьалԥҳа. 

Апроект "Ани амаалықьи" инаҷыданы, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны"  аус аднаулоит ахшара рацәа змоу  аԥсуа ҭаацәарақәа рзы  асоциалтә проект "Аԥеиԥш". Иара убас, апроект ҿыц  "Агәыразра" иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Ирылацәажәоуп афонд иҳәаақәнаҵо егьырҭ апроектқәа. Иаарласны урҭ апроектқәа афонд алахәылацәа ирыдыркылоит, иаарласынгьы русура хацыркхоит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0