Аԥсны Аԥыза-министр Валери Ақаҩба имшира идиныҳәалеит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор хада Валерии Ақаҩба.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор хада Валерии Ақаҩба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Самсон Ҷанба ихаҿсахьа зну аԥсари адныҳәаларатә шәҟәи ҳамҭас ииҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор хада Валери Ақаҩба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Иацы Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб Самсон Ҷанба ихаҿсахьа зну аԥсари адныҳәаларатә шәҟәи ҳамҭас ииҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор хада Валери Ақаҩба. Аԥыза-министр дазааҭгылеит арежиссиор иҟазара ҳарак, изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

"Ҳара иахьа иирамш азгәаҳҭоит аԥсуа театр ашьақәгылара аус аҿы злагала дуӡӡоу ауаҩы. Атеатр ашьақәгылара ашықәсқәа раан ишьаҭаркыз атрадициақәа иахьа анарха рыманы иҟоуп акырӡа шәара шәымчала. Сара исҭахуп Валери Михаил-иԥа гәык-ԥсыкала изеиӷьасшьарц агәабзиареи, агәамчи, аҟазаратә қәҿиарақәеи. Аринахысгьы ҳара ҳтеатр шәара шәнапхгарала аҿиарамҩа ишаныло агәра ганы сыҟоуп", — иҳәеит Аԥыза-министр.

Аԥсны акиноматографистцәа Реидгыла ахантәаҩы, актиор Кьесоу Ҳагба иазгәеиҭеит Валерии Ақаҩба иҟазара аҳаракыра.

"Иара ихы-иԥсы зегьы аусура иазкуп. Сгәы иаанагоит аԥсуа театр азы ижәҩангәашәԥхьароуп асеиԥш иҟоу арежиссиор дахьыҟоу" — иҳәеит Кьесоу Ҳагба.

Валери Ақаҩба диит 1946 шықәса ажьырныҳәа 26 рзы. 1968 шықәса рзы далгоит Қарҭтәи атеатртә институт, актиортә факультет. 1968-1974шш. – Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр актиор. 1979-1982шш. — Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр арежиссиор. Иахьатәи аамҭазы Валери Ақаҩба Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр дасахьаркыратә напхгаҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0