Урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргеит арҵаратә ҽазыҟаҵарақәа

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аруаа
Урыстәылатәи аруаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргоз арҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан ахьыԥшратә ӷацәа - "атеррористцәа" ҭадырхеит

АҞӘА, ажьырныҳәа 28, Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҟны аррамаҵзура иахысуа Урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргоз арҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан аҵәахырҭақәа зымпыҵазхалаз ахьыԥшратә ӷацәа — "атеррористцәа" ҭадырхеит. Абри атәы ҳзаарыцҳаит Аладатәи Арратә округ апресс-маҵзураҟынтәи.

"Иаԥҵаз алегенда инақәыршәаны ахьыԥшратә ӷацәа "атеррористцәа" арратә қалақь иалаланы аматериал-техникатә хархәагақәа ахьышьҭаз аҵәахырҭа рнапахьы иааргоит. Атревогала идыргылоит атеррор иаҿагыло аҟәша аррамаҵзурауаа. Урҭ аҵәахырҭақәа зымпыҵазхалаз ахьыԥшратә ӷацәа — "атеррористцәа" ҭадырхоит", ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Атеррор аҿагыларатә гәыԥ арӷәӷәаразы агәыԥ иалагалоуп ааԥшьаратә ҟәшақәа. Аминаҵхыҩцәа анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥганы атеррористцәа иаанрыжьыз арԥжәагақәа ршәарҭара аԥдырҟәҟәаауеит.

Аҽазыҟаҵара иҟаҵәҟьазар зылшоу аҭагылазаашьа аиԥштәразы ахы иархәан зқьы рҟынӡа џьаԥҳаны. Ахархәара рыҭан 100-ҩык рҟынӡа аруааи абронетранспартиор БТР-82А, акәылӡымашьынақәа "КамАЗ-5350"  "Мустанг" реиԥш иҟоу арратә техникатә акқәа жәабеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0