Аԥсуа телерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыц даиуит

Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Артур Амқәаб Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыцс Леонид Еныкь иҟаҵаразы ақәҵара инапы аҵаиҩит ажьырныҳәа 27 рзы.

Аԥыза-министр Артур Амқәаб Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусуаҩцәа аиҳаб ҿыц Леонид Еныкь дыдирдырит ахәаша ажьырныҳәа 29 рзы.

"Сара иахьа дсыцны дааит зегьы ижәдыруа, Аԥсынра еицырдыруа ауаҩы Леонид Еныкь. Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыц иацакәым, иахьакәым Аԥсны азы аџьабаа маҷымкәа ибахьеит, дыҟан акультура аминистрс", — иҳәеит Амқәаб. 

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, аԥсуа телерадиоеилахәыра лыҵшәа бзиала аусура иабзоураны иаӡбарц зылшо азҵаарақәа рацәоуп.

"Ателехәаԥшреи, арадиои шәусура иацышәҵеит, ԥхьаҟа шәцеит, иҟашәҵаз маҷӡам. Уи аҳәынҭқарра азыҳәа даара ибзиоуп. Ақәҿиарақәа ишәымоу наҟ-наҟгьы иацышәҵар ҳҭахуп, избанзар, шәара шәусқәа рыла, даараӡа ирацәоуп ишәҳасабуа азҵаарақәа. 

Артур Амқәаб ателерадиоеилахәыра аиҳаб ҿыц дидныҳәалеит, иусураҿгьы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит, аусуаҩцәа зегь рахьгьы ааԥхьара ҟеиҵеит уи ивагыланы аус рурц.

Ажәабжьқәа зегьы
0