00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гал араион адепутатцәа рзинмчра аҿҳәара 2017 шықәсанӡа инахоуп

© Sputnik Томас ТхайцукГал. Ақалақь ахадара.
Гал. Ақалақь ахадара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутатцәа ахаша, жәабран 3 рзы, актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Гал араион аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рдепутатцәа рзинмчра аҿҳәара ацҵаразы" азакәан.

АҞӘА, жәабран 3 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Гал араион аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рдепутатцәа рзинмчра аҿҳәара 2017 шықәса жәабранмза 12 рҟынӡа инахоуп.

Жәлар Реизараҟны атәыла Ахада ихаҭарнакыс иҟоу Дмитрии Шамба иазгәеиҭеит Гал араион аҟны апаспортқәа роура аҭагылазаашьа инагӡаны иахьыӡбам инамаданы ари араион аҟны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа рыҿҳәара инахатәуп 2017 шықәсанӡа, егьырҭ араионқәа рҟны асеиԥш ԥынкылара џьаргьы иҟам.

"Абри аамҭала иҟоу апроблема аҭыԥ иқәҵахоит", — иҳәеит Шамба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла анапхгара абри аганахьала аусура ишаҿу.

Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба иажәақәа рыла атәыла анапхгара аусура аамҭа рацәала аиҵыхра Апарламент иагәаԥхо иҟам.

"Ҳара иаарласны апаспортқәа рыҭара азҵаара ҳаӡбароуп, мамзар уи ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзынхоит. Дара уи ишахәҭоу еиԥш аӡбра рзаҭом", — иҳәеит Апарламент адепутат Аслан Кәабахьиа.

Иахьазы аус зуа адепутаттә корпус еиҿкаан 2011 шықәса жәабранымзазы.

"Гал араион аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рдепутатцәа рзинмчра аҿҳәара ацҵаразы" азакәан иадгылан рыбжьы рҭиит иҭаҩыз 22 рҟынтәи 20-ҩык адепутатцәа, ҩыџьа рыҽхьаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0