Аӡынба: атәанчахәы зоураны иҟоу зегьы ироуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаараҟны иалацәажәеит иҿыцны урыстәылатәи атәанчахәы зоураны иҟоу ишроуша асхема ҿыци зыԥсҭазаара иалҵхьоу атәанчаҩцәа рыхьӡала изакәанымкәа аԥараиура аанкылашьа апроблемеи.

АҞӘА, жәабран 4 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аминистрцәа Реилазаараҟны иалацәажәеит иҿыцны урыстәылатәи атәанчахәы зоураны иҟоу ишроуша асхема ҿыци зыԥсҭазаара иалҵхьоу атәанчаҩцәа рыхьӡала изакәанымкәа аԥараиура аанкылашьа апроблемеи. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба иҳәеит атәанчахәы аиуразы урыстәылатәи азакәанԥҵара аԥсахрақәа шалагалоу атәы.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ахантәаҩы Ҭимур Бганба иреилиркааит урыстәылатәи атәанчахәы аиуразы урыстәылатәи абанк аҟны ахатәы ԥхьаӡара шаарттәу. Атәанчаҩцәа уи ҩ-хкык рыла амҩаԥгара рылшоит.

"Актәи – атәанчаҩы хаҭала Шәача дцаны, Москва Абанк аҟәшаҟны (Горки имҩ. 15) хаҭалатәи аԥхьаӡара аартра илшоит", — иҳәеит Бганба.

Аҩбатәи – атәанчаҩцәа Шәачаҟа имцар рылшоит. Уи азы Аҵәахырҭатә банк аусзуҩ ихьӡала агәраргага ҟарҵоит. Абанк аусзуҩ атәанчаҩцәа рыхьӡала иахәҭан иҟоу аусқәа мҩаԥигоит.

Аџьеи, аусурҭаҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Сурен Кереселиан ирылеиҳәеит иҟоу адокументқәа ишрыцҵатәу аконсултә еилыркаа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Атәанчахәы аиуразы аиқәшаҳаҭра еицҿакрыла аратификациа азыруит

Арҭ аҿыцрақәа рахь иаҵанакуа ҿыц атәанчахәы аиура иалаго роуп, иҳәеит Шамил Аӡынба.

"Атәанчахәы зоураны иҟоу зегьы ироуеит. Урыстәылатәи Афедерациа уи шьақәнарӷәӷәоит. Иара ҳәынҭқаррак аҳасабала азакәанқәа арҿиоит, имҩаԥнагоит аԥсахрақәа, алагаларақәа, аха уи иаанагом урҭ ҳара ҳзы ибааԥсуп ҳәа", — иҳәеит Аӡынба.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәанчахәытә фонд ахаҭарнак Елисо Гәыргәлиаԥҳа ишазгәалҭаз ала ирацәаны аҭыԥ рымоуп зыԥсҭазаара иалҵыз ихьӡала атәанчахәы анырго. Апрокуратура аусзуҩ Мимоза Ҵышәԥҳа иазгәалҭеит асеиԥш иҟоу ахҭысқәа Апрокуратура хадаҟны ишҭагалам. Лара лажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа – цәгьоуроуп.

Шамил Аӡынба иажәақәа рыла иахәҭоуп арҭ рҩызцәа ахҭысқәа ҭышәынзыртәалаша амеханизм аԥшаара.

Сурен Кереселиан игәаанагарала асеиԥш зуа атәылауаа иҟарҵо шзакәанеилагаро рыздырам.

"Атәанчаҩцәа рҭынхацәа иҟоу еилкааны ирыздырам. Дара цәгьара рымуашәа рбоит. Атәанчахәытә фонд аусзуҩцәа иҟоу шыҟоу анрарҳәогьы иамазкуа ыҟоуп. Дара идеилыркаатәуп ари аҩыза аус – аԥаршеиус ҳәа ишыршьо", — иҳәеит Кереселиан.

Иара убасгьы иазиԥхьаӡоит аԥсра ахҭыс шьақәзырӷәӷәо аорганқәа шырҭбаатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0