00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Петербургтәи аекономикатә форум феидас иалоу Аԥсны азы
18:17
6 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәа аԥышәаратә режим ала атуристтә милициа аусура иалагоит
18:23
14 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
"Маршруты Абхазии": в Крыму проходит туристический форум
18:49
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ақәыларази ауаҩшьрази азыӡба аднакылеит

© SputnikСИЗО Дранда.
СИЗО Дранда. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абџьар ахархәарала ақәыларази ауаҩшьрази Амур Џьыкырбеи, Гәрам Тапуриӡеи, Гәрам Инаԥшьбеи, Алиас Аӡынбеи рганахьала ахарадҵаратә зыӡба рыдыркылеит.

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа 2016 шықәса жәабран 1 азы абџьар ахархәарала ақәыларази Аҩада Уаԥстәыла атәылауаҩ Муҳамед Ҭамаев ишьрази Амур Џьыкырбеи, Гәрам Тапуриӡеи, Гәрам Инаԥшьбеи, Алиас Аӡынбеи рганахьала ахарадҵаратә зыӡба аднакылеит, ҳәа ҳзаалыцҳаит аӡбаҩ Екатерина Онишьченко.

"2013 шықәса ԥхынҷкәын 2 рзы Ԥшьаԥ ақыҭан ацәгьоуцәа ргәыԥ абџьар ахархәарала Албороваа рҭаацәа ирықәлеит. Абри ахҭыс аан дыршьит Муҳамед Ҭамаев", — лҳәеит лара.

Аӡбаҩ лажәақәа рыла иршьыз Аԥсныҟа дааит ацитрустә шәырқәа раахәаразы.

"Ацәгьоуцәа автомашьынақәа (ГАЗель) ҩба иреихсны иааныркылеит, 172 000 мааҭ аԥара ргеит, аҭыԥ аҟынтәгьы ибналеит", — лҳәеит Онишьченко.

Аӡбаҩ иаҳзеиҭалҳәеит ацәгьоуцәа изқәылаз ишрышьҭашәарыцоз, иманшәалаз аҭагылазаашьа рхы иархәаны ишрықәлаз.

Аӡбарҭа иаднакылаз азыӡба инақәыршәаны Гәрам Инаԥшьбеи Алиас Аӡынбеи 15 шықәса ҭакрала ирхыргароуп зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҟны рмазара рымхны.

Ацәгьоура ирыцалахәыз Амур Џьыкырба – 11 шықәса, Гәрам Топуриӡе – 10 шықәсеи хымзи ҭакрыла ирхыргароуп зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҟны рмазара рымхны.

Ацәгьоура иалахәыз ахәбатәи ацәгьоуҩ Анрик Ҳагба иԥшаара рылаҳәоуп, ашьаус Гәылрыԥшь араион апрокуратураҟны ирымоуп, ҳәа аҳәоит Аԥсны Апрокуратура хада аофициалтә саит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0