Аказначеиратә усбарҭа аиқәыршәаразы аиндаҭлара иацҵоуп

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥара.
Аԥара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афинансқәа рминистрра ирыланаҳәаз, Аказначеиратә усбарҭа аиқәыршәаразы аиндаҭлара аҩбатәи аетап иалагӡаны арзаҳалқәа рыдыркылоит жәабран 12 рҟынӡа.

АҞӘА, жәабран 5 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Афинансқәа рминистрра ирыланаҳәаз, Аказначеиратә усбарҭа аиқәыршәаразы аиндаҭлара аҩбатәи аетап иалагӡаны арзаҳалқәа рыдыркылоит жәабран 12 рҟынӡа, ҳәа ҳзааицҳаит Аказначеиратә усбарҭа аиҳабы, Афинансқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

"Актәи аетап аан ҳара быжь-еицлабрак мҩаԥаагон. Урҭ рахьынтәи хԥа нагӡоуп. Аҩбатәи аетап ахь иаҵанакуеит егьырҭ иаанхаз аԥшьба, урҭ ирыцаҳҵоит аҽа ҩба: аҩнымаҭәеи аофистә техникеи рыла аиқәыршәара", — иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Иара иажәақәа рыла аусбарҭабжьаратә комиссиа рыхәаԥшраны иҟоуп иҳадыргало арзаҳалқәа зегьы. Жәабран 12 рзы арзаҳалқәа рыдкылара аҵыхәтәантәи амш ауп.

Ажьырныҳәа 25 рзы ирылаҳәан аконкурс Аусбарҭа аусуразы иахәҭаны иҟоу аиқәыршәагақәа рыла аиқәыршәаразы. Аконкурс ахалархәра азин рымоуп ареспубликаҟны иҭаҩу аиурист хаҿқәа реиԥш Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ртәылауаагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0