00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Совмин" ахыбра аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанба.
Аҳәынҭеилакы Аԥсныргылара адиректор хада Игор Казанба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистрра ааԥхьарала, Урыстәылатәи аҟазауаа имҩаԥыргеит "Совмин" ахыбра аҭагылазаашьа агәаҭара.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Апроекттә еиҿкаарақәа ҩба рнапхгаҩцәа имҩаԥыргеит ибылны игылоу "Совмин" ахыбра ахархәара ауоу иамуоу. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанба.

"Апроект еиҿкаарақәа ҩба рнапхгаҩцәа рҿаԥхьа дҵаны иқәыргылан ибылны игылоу "Совмин" ахыбра ахархәара ауоу иамуоу аилкаара", — иҳәеит иара.

Казанба иажәақәа рыла азанаҭуаа имҩаԥыргеит агәаҭарақәа, дара иҳәаақәырҵароуп араҟа имҩаԥгахо аусурақәа рыхәԥса.

"Афинансқәа рганахьала ҳаиқәышаҳаҭхар иныҭкааны агәаҭарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Иҟаҵахоит аекспертиза, иара шьаҭас иҟаҵаны ишьақәыргылахоит апроект-сметатә документациагьы", ҳәа азгәеиҭеит Казанба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ахыбра аҭагылазаашьа аҭҵаара мызки бжаки рҟынӡа ишадхало, ахыркәшаратә лкаақәеи апроект усуразы абжьагарақәеи — ԥшьымз, хәымз.

Аҵыхәтәаны Казанба иазгәеиҭеит ахыбра аҭагылазаашьа анҭырҵаалак ашьҭахь аобиект асеисмаҭагылазаашьа аизырҳаразы ауснагӡатәқәа рыплан шьақәдырӷәӷәоит ҳәа.

"Ахыбра рӷәӷәатәхоит. Адәныҟатәи архитектуратә ԥшра шыҟац иаанхоит. Апроект-сметатә документациа аныхиахалак – аԥснытәи аргылаҩцәа аусурақәа ирылагоит", — иҳәеит Казанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0