АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа иажәақәа рыла аизакхьӡынҵа аныҭрыжьуаз ауадаҩрақәа рацәаны ирԥылеит. Иҿыцу апроектқәа ирыцлеит, урҭ зегьы анаплакқәа реизакхьӡынҵаҿы иарбатәуп.
"Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иамоуп атрадициа есышықәса Аԥсны иҟоу анаплакқәа реизакхьӡынҵа аҭыжьра. Сынтәа уи азкыуп атуризм аусхкы. Иара убас ари ашықәс азы ҳара иҳаӡбеит атуристтә обиектқәеи атуроператорцәеи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҳаҭыртә шәҟәи амедали ранашьара", — иҳәеит Гагәылиа.
2016-тәи аизакхьӡынҵаҿы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ианнаҵеит Аԥсны атуризм шыҿио иазку аинформациа, атуристтә обиектқәеи Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәеи рфотосахьақәа.