00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
18:16
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
18:19
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
18:49
18 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Борис Ианогиан: саргьы ахьаа сацәшәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхаԥыцхәышәтәҩы Борис Ианогиан.
Ахаԥыцхәышәтәҩы Борис Ианогиан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зегьы еицырдыруа акоуп – ахаԥыцхәышәтәҩы иахь уанцо иузцәырҵуа ашәара. Аха ахаԥыцқәа умхәышәтәыр ҟалом. Ахаԥыцхәышәтәҩы изанааҭи уи иҭааҩцәа ршәарақәеи ртәы дҳазрылацәажәоит 79 шықәса зхыҵуа аҳақьым Борис Ианогиан.

Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа.

Ашәышықәсабжа инықәсуа Гагра аус иуеит Борис Николаи-иԥа Ианогиан – ахаԥыцхәышәтәҩы, ахирург. Ианогианаа рҭаацәараҟны иара идагьы ари азанааҭ рнапы алакуп Борис иаҳәшьеи иашьеи.

Ашкол данҭаз Борис аҳақьым изанааҭ инапы алеикып ҳәа дыҟамызт. Иан лхала рааӡара даҿын ааҩык ахәыҷқәа.

"Ашколаҟны, аҩнтәи ҳматериалтә ҭагылазаашьа сазхьаԥшны иреиҳау аҵара аиура сазхәыцуа сыҟамызт. Саҳәшьеиҳаб ашкол даналга ашьҭахь Харковҟа дцаны амедицинатә институт данҭала ашьҭахь саргьы уи азанааҭ садлыԥхьало далагеит", — иҳәоит Ианогиан.

Раҳәшьеиҳаб илышьҭаланы аишьцәа ҩыџьа амедицинатә институт иҭалоит. Усҟантәи аамҭазы ашкол аҟны ироуаз адыррақәа азхоны иҟан аинститут аҟны аҵара аҵаразы.

"Аԥхьатәи ашықәсқәа химиа, физика ҳанырхысуаз исгәаԥхон, аха нас, амедицинаҵәҟьа нап аналаҳк исцәыцәгьахеит. Иаансыжьып ҳәагьы сгәы иҭаскқәахьан. Ус-ус сашьцылеит", — иҳәоит иара.

Аҵара аныхиркәша аҳақьым қәыԥш Полтаватәи аобласт ахь дрышьҭуеит усураҳәа. Ақыҭантәи амбулаториаҟны ихацыркхеит Ианогиан иусуратә мҩа. Шықәсқәак рышьҭахь Гаграҟа дхынҳәуеит.

Лев Аргәын. - Sputnik Аҧсны
Аргәын: дарбанызаалак ауаҩԥсы иԥсҭазаара ҳазықәԥоит

Гагратәи ахәышәтәырҭаҟны ахаԥыцхәышәтәырҭатә кабинетқәа ҩба ыҟан, аҳақьымцәа ҩ-сменакны аус руан. Борисгьы абра аусура далагоит. Хышықәса рышьҭахь днарыԥхьоит асанаториа "Украина" ахь усураҳәа. дышқәыԥшызгьы ичымазцәа иара иахь агәрагара ду аадырԥшуан, иҩызцәа, аҳақьымцәа рыбжьарагьы пату иқәын.

"Сара уа 30 шықәса аус зуит. Ҩнык исзеиԥшхеит сусурҭа ҭыԥ", ҳәа игәалаиршәоит аҳақьым.

Иахьагьы Борис Николаи-иԥа хирургк иаҳасабала аус иуеит.

"Аибашьра ианалага асанаториа адыркит. Саргьы аҩны стәан. Хирургс уаҟа аус зуаз дақырҭуан. Дықәҵны дцеит. Аҳақьым хада Валентина Чачԥҳа сналыԥхьеит усураҳәа. Абас, 1993 шықәса рзы схирургхеит", — иҳәеит Ианогиан.

Борис Николаи-иԥа иаҳзааиртит имаӡа – иаргьы ахаԥыцхәышәтәырҭаҟны акресло антәалара дацәшәоит.

"Саргьы иаабац џьоук реиԥш сшәоит. Ахьаа зегь ацәшәоит", — иҳәеит иара дԥышәырччо.

Ажәабжьқәа зегьы
0