Аргәын: дарбанызаалак ауаҩԥсы иԥсҭазаара ҳазықәԥоит

© Sputnik Томас ТхайцукЛев Аргәын.
Лев Аргәын. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын иҳаиҭаз аинтервиу аҟны Sputnik акорреспондент Асида Кәыҵниаԥҳа илзеиҭеиҳәеит акьыбачымазара шаԥырҟәҟәаатәуи, иара заа аилкааразы иахәҭаны иҟоу аҽгәаҭарақәеи ртәы.

— Иахьатәи аамҭазы атәылаҟны аҭагылазаашьа шԥаҟоу, ирацәаҩума акьыбачымазара зыхьуа, иара иахҟьаны иԥсуа?

— Аҵыхәтәантәи а-20-шықәса рыҩныҵҟа ҳара имҩаԥаагоит ихықәкылатәиу аусурақәа абри арыцҳара аҿагыларазы. Акьыбачымазара адунеи аҟны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит ахыԥхьаӡара рацәарала, Аԥсынгьы ирылаҵәоуп уҳәар ауеит. Ҳара ҳахь иааиуа рҟынтәи 18 процент ррыԥҳақәа акьыба рымоуп. Иароуп зегь раҵкьыс ирылаҵәан иҟоу, аҵыхәтәантәи а-10-шықәса зегь раасҭа еиҳаны иҟоуп. 16 процент – агәыҳәԥы иаиуеит. Абри ачымазара зыхьуа аҳәса рықәра аиҳарак 40-55 шықәса ирҭаӡоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аонкологиа еиҭа иҿахеит. Ҳусураҟны иаҳԥылахьеит 35 шықәса зхыҵуаз, 25 шықәса зхыҵуаз аҳәса қәыԥшцәа ргәыҳәԥы акьыбачымазара азцәырҵны ианыҟоу. Иахьазы еиуеиԥшым аметодикақәа рхархәарала ачымазара акыр излаҽхьоугьы 5 шықәса рҟынӡа рыԥсҭазаара аиҵыхра алшоит.

— Ачымазара аизырҳара иацхраауеи? Акьыбачымазара ацәырҵра аԥзырҟәҟәаар зылшоны иҟои?

— Ареспубликаҟны ирацәаҩуп аҭаҭын иахо, ирацәаҩуп гепатит "В" "С" зыхьуа, аекономикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны арахь иаларгало афатә ахаҭабзиара еиҵахоит, ирацәаҩуп арыжәтә зжәуа. Арҭ зегьы аимунтә система ладырҟәуеит. Иара убасгьы хымԥадатәны иҟоуп атәыла ауааԥсыра ргәаҭара амҩаԥгара. Ачымазара заа ахы унардырӡом. Актәи аҩбатәи астадиақәа раан иҟоуп алшара 95 процент рҟынӡа ачымазцәа ралыргара. Аха уи азы иаҭахуп аамҭа-аамҭала аҳақьым иахь анеира, ахгәаҭара.

— Аҳәынҭқарра иахәҭоу ацхыраара шәнаҭома?

— 2004 шықәса раахыс Аԥсны имҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә программа – хәыда-ԥсада ахимиотерапиа амҩаԥгаразы. Иҟоу аекономикатә уадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа амедицинатә ԥгаԥса Афонд есышықәса аԥаразоужьра мҩаԥнагоит. Уи алоуп апрограммагьы шымҩаԥааго.

— Аԥсны иҳамоума абри апрофиль иаҵанакуа азанаҭуаа?

— Ҳцентр аҟны рҽеизыркит ззанааҭ бзиа избо, аҟазара ҳарак змоу ауаа. Ирацәаҩуп анапы рыдкылахар ԥхьаҟазы аԥеиԥш бзиа ззыԥшу аҿар.

Ажәабжьқәа зегьы
0