Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩ аиагара Амш аныҳәа мҩаԥысит

© Sputnik АНнжелика БенияАигумен Игнати Киут
Аигумен Игнати Киут - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иоан Ахьҿы иԥсыбаҩ аиагара Амш аныҳәа мҩаԥыргоит адунеи зегь аҟны ақьырсианцәа жәабран 9 рзы.

АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩ аиагара Амш аныҳәа мҩаԥысит Аҟәа, аԥшьа Иоанн Ахьҿы Камантәи ауахәамаҟны, ҳәа ҳкорреспондент илзааицҳаит ауахәама аигумен Игнати Киут.

Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩ аиагара Амш аныҳәаан имҩаԥган аныҳәатә литургиа.

Ауахәама аигумен Игнати Киут иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аныҳәамшқәа раан арахь ишааиуа Аԥснеиԥш атәыла анҭыҵынтәгьы анцәа дхазҵо ауаа.

"Каман иҳамоуп Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩ аҟәырҷаха зцу асахьа. Абар уажәшьҭа фышықәсоуп ари аныҳәа мҩаԥаагоижьҭеи. Есышықәса асеиԥш иҟоу аныҳәамш аан арахь иааиуеит Аԥснеиԥш атәыла анҭыҵынтәгьы анцәа дхазҵо ауаа рацәаны. Иахьагьы ирацәаҩӡаны аҭааҩцәа ҳаман. Имҩаԥган алитургиа, анцәа имҵаныҳәара", — иҳәеит Игнати Киут.

Аԥшьаҩ Иоанн Ахьҿы усҟантәи аамҭазтәи ауаажәларра рыгхақәа дырҿагылаҩын.

"Аԥшьаҩ Иоанн Ахьҿы усҟантәи аамҭазтәи ауаажәларра рыгхақәа дырҿагылон, Византиа аимператори аимператорԥҳәыси рыцәгьахәыцрақәа ауаа ирылаирҵәон. Убри азы изныкымкәа аимпериа далырцахьан, ма акалҭқәа рахь дрышьҭхьан. Аҵыхәтәан иара Пицундаҟа даарышьҭит. Амҩан дымҩаԥызгоз ирымаз адҵа инақәыршәаны иргәаҟра иаҿын амҩа дшықәыз дыԥсыр, аимператори аимператорԥҳәыси ахара рхырхуан", — иҳәоит иара.

Каман ақыҭаҟны анцәа дхазҵо иԥшьоу аӡы рыҽӡааршьит

Игнати Киут иажәақәа рыла Аԥшьаҩ Иоанн Ахьҿы 30 шықәса инарзынаԥшуа ахаҳәтә ҭоубыҭ дҭан. Аимператори аимператорԥҳәыси рԥа Феодосии II иӡбеит иани иаби рыгха ириашарц, Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩ Каманынтәи Константинопольҟа иеигарц, ихьӡ-иԥша еиҭашьақәиргыларц азы.

"Аха, арахь уи аус амҩаԥгаразы, аԥсыбаҩ аиагаразы адоуҳатә комиссиа анааи аԥсыбаҩ хьанҭахеит, аиагара залмыршахеит. Акомиссиа шьҭахьҟа ихынҳәны иахьнеиз аимператори апатриархи ирацәажәаны ирыӡбеит Аԥшьаҩ Иоанн Ахьҿы ихьӡала аҭамзааратә шәҟәы рҩырц. Абри ашәҟәы иаԥхьан Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩ аҿаԥхьа. Ашәҟәгьы иаԥхьеит – аԥсыбаҩгьы ласӡа иҟалеит. Даргьы аԥсыбаҩ аҭоубыҭ ҿыц иҭаҵаны Константинопольҟа ииаргеит жәабран 9 рзы", — иҳәеит Киут.

Камантәи ауахәама ахылаԥшыҩ иҳәеит жәабран 12 рзы Каман имҩаԥысраны ишыҟоу Аԥшьаҩцәа Ахҩык – Аԥшьаҩ Васили, Анцәаиажәаҳәаҩ Григории, Иоанн Ахьҿы рымш азгәаҭара аныҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0