Баҭал Кациа: Азакәан ариашарақәа ралагалара ҳазыхынҳәып ҳәа ҳгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Кациа.
Батал Кациа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо "Ани имиц ахәыҷи рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект амчра аиуит жәабран 9 рзы.

АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы зҵеиҩыз, аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо "Ани имиц ахәыҷи рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект амчра аиуит жәабран 9 инаркны. Аԥсны Агәыбзиарахьчара аминистрра ирыднагалаз ариашарақәа азакәан иаламгалахеит, ҳәа ҳкорреспондент илеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кациа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо "Ани имиц ахәыҷи рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект анапы аҵаҩуп Аԥсны Агәыбзиарахьчара аминистрра ирыднагалаз ариашарақәа азакәан иаламгалакәа. Агәабзиарахьчара аминистрра ажәалагалала арахь иацҵазар акәын амедицинатә ҭахрақәа инарықәыршәаны аԥҳәыс лырбгара алзыршо ачымазарақәа реиқәыԥхьаӡа.

"Иарбанызаалак атәылақәа, аԥҳәыс лҽырбгара азин ахьыҟам, уи азин лырҭоит амедицинатә ҭахрақәа инарықәыршәаны. Ари амедицина апринципқәа ирықәшәоит. Ҳара иаҳҳәаз џьаргьы ирмаҳаит. Агәаанагара ҳамоуп аҭагылазаашьа ахаҭа арҭ ариашарақәа рахь ҳдырхынҳәып ҳәа", — иҳәеит Кациа.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит азакәан ариашарақәа аламгалакәа имариам ахылҿиаақәа арҿиар алшоит ҳәа.

Апарламент адепутатцәа аԥҳәыс лҽырбгара азин аԥырхит

"Ҳара ҳгәаанагарала аҽырбгара азин аҟамҵара аира иацхраауам. Аира еиззырҳар зылшо аҽа знеишьоуп. Раԥхьа иргыланы уи зусу лара аԥҳәыс лхаҭа лоуп. Аԥҳәыс илҭаххар ахшара длоуеит, илҭахымхар – мап. Ахшараура лҭаххарц азы социалла дыхьчазароуп", — иҳәеит иара.

Баҭал Кациа иажәақәа рыла ари азакәан ирыланарҵәар алшоит акриминалтә ҽырбгара. Уи ҳәарада ан лыԥсҭазаара ашәарҭа иҭанаргылоит.

"Ҳара ҳгәыӷуеит ҳабжьагарақәа ус акә егьыс акә ирызхәыцып ҳәа. Ус анакәымха апроблема рацәа цәырҵуеит. Арҭ абжьагарақәа аминистрра мацара акәӡам изхылҵыз, амедикцәа зегьы ргәаанагароуп. Еиҭахгьы исҳәоит, агәыӷра ҳамоуп ахшыҩ аԥыжәара аиуп ҳәа", иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо "Ани имиц ахәыҷи рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит 2015 шықәса ԥхынҷкәын 18 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0