Еиуеиԥшым аԥсуа чысхкқәа рыҟаҵашьа еиқәырханы ирымоуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа.
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рхылҵшьҭра Фиқьрие Жьиԥҳа аԥсуа чысхкқәа рыҟаҵашьа леиҳабацәа ирҿылҵааит. Уи иҟалҵоит аԥсуа ичеиџьыка иадҳәалоу ачысқәа зегьы.
Ажәытә аамҭақәа раан ишыҟаз еиԥш, Фиқьрие Жьиԥҳа иахьа уажәраанӡа аџьыка ҟалҵоит аҳаҟьа иқәҵаны. Уи еиқәырханы илымоуп традициала аԥсуаа рчысқәа рыҟаҵашьазы иҟоу аԥҟарақәа.
Фиқьриа Жьиԥҳа лцәажәараан иазгәалҭеит аԥсуа чысқәа рыҟаҵашьа лара илеиҵбацәоугьы ишыдлырҵахьоу, уи лҭаца уи аус дшазҟазоу.