Валери Кәарҷиа ииубилеи аҽны ''Ахьӡ-Аҧша'' аорден ианашьан

© Sputnik Анжелика БениаԥҳаВалери Кәарҷиа ииубилеи.
Валери Кәарҷиа ииубилеи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Валери Кәарҷиа диит жәабран 10, 1946 шықәсазы, имшираан Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иусԥҟала аорден "Ахьӡ-Аԥша" ианаршьеит.

АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт аспециалист хада, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Валери Кәарҷиа 70 шықәса ихыҵра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иазгәарҭеит жәабран 10 рзы.

Амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥареи, Аԥсны аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаарахьи илагала азы Аԥсны Ахада иусԥҟала Валери Кәарҷиа аорден ''Ахьӡ-Аҧша'' аҩбатәи аҩаӡара ианашьан.

Ахьӡ-Аԥша амузеи ахь Валери Кәарҷиа имширеи, ишәҟәы "Аҧсуа-абаза жәлар рхылҵшьҭра аҭоурых ахь, мамзар аҧсуааи ашәуааи рбызшәеи рҭоурыхи рзы" захьӡу аҭыҵреи идырныҳәаларц имҩахыҵит иҩызцәеи иколлегацәеи.

Валери Кәарҷиа иҭҵаарадырратә усумҭақәа ирнубаалоит азыҟаҵара бзиеи, арҿиаратә гьамеи, аҟыбаҩ ҷыдеи, ҳәа иҳәеит Аҧсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр Адгәыр Какоба.

''Аамҭа акыр ианыуадаҩыз, аҵара бзианы иҵаны аҧсуа жәлар рымаҵура амҩа данылеит Валери Кәарҷиа. Ҳбызшәа иамоу абеиарақәа, ҳҭоурых ду ашьаҭақәа ирҿыбааны иаҧиҵеит ҧсра зқәым абаҟақәа иреиуоу аҭҵаамҭақәа. Урҭ рҵакы дууп ҳбызшәеи, ҳҭоурыхи знысыз имариам амҩа аҭҵааразы. Ирлас-ырласны аҧсуа ҭҵаараҟны ицәырҵлоз имонографиақәа инарыцлеит аҧсуа абаза жәлар рхылҵшьҭра зызку азҵаарақәа рҭак ҟазҵо арҿиамҭа ду", – иҳәеит Какоба. 

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт аспециалист хада, иналукааша ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, афилологиатә ҭцаарадыррақәа рдоктор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Валери Кәарҷиа диит 1946 шықәсазы, жәабран 10 Ҭҟәарчал ақалақь.


Ажәабжьқәа зегьы
0