Егры ГЕС аҭагылазаашьа зеиԥшрацәҟьоу

Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 25 инаркны мшаԥымза 15 аҿынӡа ареспубликаҟны имҩаԥыслоит афымцамч арцәара. Асеиԥш иҟалеит "ЕгрыГЕС" аӡеизакырҭаҟны аӡы ахьылаҟәыз иахҟьаны.

Ажьырныҳәа 25 инаркны мшаԥымза 15 аҿынӡа ареспубликаҟны имҩаԥысуеит афымцамч арцәара. АУН "Амшынеиқәафымцамч" ахаҭарнакцәа ишырҳәо ала асеиԥш ҟарымҵар ада ԥсыхәа амамкәа иҟалеит аӡеизакырҭаҟны аӡы ахьылаҟәыз иахҟьаны. Жәабран 9 рзы аԥснытәи ажурналистцәа аҭаан ирбеит "Егры ГЕС". Астанциа анапхгара аԥсуа АИХ (СМИ) рзы имҩаԥыргеит аекскурсиа: аплотинеи аӡеизакырҭеи рахь инаганы иддырбеит, ирзеиҭарҳәеит иҟоу апроблема атәы.

Аԥсны афымцамч ахархәара еиҿырымкаар, аԥхьаӡагақәа ықәыдмыргылар, ашәахтәқәа рымшәалар ҩышықәса рышьҭахь Аԥсны фымцалашарада иаанхар алшоит, ҳәа иҳәеит ЗҲӘА "Егыр ГЕС" адиректор хада Леван Мебониа.

"Егыр ГЕС" атехникатә директор Гиа Хубуа иазгәеиҭеит заа асырӡ млеир аӡеизакырҭаҟны аӡы ахышәа-ҵышәа 420 метра рҟынӡа илаҟәыр алшоит ҳәа. Асеиԥш аан аинструкциа инақәыршәан афымцастанциа аусура аанкылазароуп.

"Агәыӷра ыҟоуп асырӡ хәажәкыра алагамҭаз алеира иалагап ҳәа. Аҳауатә ҭагылазаашьақәа маншәаламхар — мшаԥымза агәҭаны", — иҳәеит Хубуа. Иара иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны афымцамч ахархәара акыр ишеизҳаз, 100 процентк рҟынӡа ишнеиз.

Иара иажәақәа рыла аамҭа-аамҭала афымцамч арцәара иззыԥшыз алҵшәақәа аурыжьуам.

ЕгырГЕС аӡкыра аусура иаларган 1978 шықәса рзы. Жәабран 9 рзы аԥснытәи ажурналистцәа аҭаан ирбеит "Егры ГЕС".

Егрытәи аӡкыра Қырҭтәыла иахьаҵанакуоуп иахьыҟоу. Иара аҳаракыра 270 метра ыҟоуп

ЗҲӘА "Егры ГЕС" адиректор хада Леван Мебониа асхемаҟны еиҭеиҳәеит аӡкыра аусушьа

Аӡкыра аҭбаара 52 метра инаӡоит, амчлшара – 1300 мегаватт

© Sputnik / Роберт ДжопуаЕгырГЕС аӡкыра аусура иаларган 1978 шықәса рзы. Жәабран 9 рзы аԥснытәи ажурналистцәа аҭаан ирбеит "Егры ГЕС".
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
1/13
ЕгырГЕС аӡкыра аусура иаларган 1978 шықәса рзы. Жәабран 9 рзы аԥснытәи ажурналистцәа аҭаан ирбеит "Егры ГЕС".
© Sputnik / Роберт ДжопуаЕгрытәи аӡкыра Қырҭтәыла иахьаҵанакуоуп иахьыҟоу. Иара аҳаракыра 270 метра ыҟоуп
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
2/13
Егрытәи аӡкыра Қырҭтәыла иахьаҵанакуоуп иахьыҟоу. Иара аҳаракыра 270 метра ыҟоуп
© Sputnik / Роберт ДжопуаЗҲӘА "Егры ГЕС" адиректор хада Леван Мебониа асхемаҟны еиҭеиҳәеит аӡкыра аусушьа
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
3/13
ЗҲӘА "Егры ГЕС" адиректор хада Леван Мебониа асхемаҟны еиҭеиҳәеит аӡкыра аусушьа
© Sputnik / Роберт ДжопуаАӡкыра аҭбаара 52 метра инаӡоит, амчлшара – 1300 мегаватт
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
4/13
Аӡкыра аҭбаара 52 метра инаӡоит, амчлшара – 1300 мегаватт
© Sputnik / Роберт ДжопуаАӡкыра шьақәгылоуп аӡеизакыратә кылҵәарақәа быжьба рыла. Иахьа аус руеит хәба
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
5/13
Аӡкыра шьақәгылоуп аӡеизакыратә кылҵәарақәа быжьба рыла. Иахьа аус руеит хәба
© Sputnik / Роберт ДжопуаАӡаагагатә шлиузқәа русура мҩаԥыргоит амеханизм ҷыдақәа
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
6/13
Аӡаагагатә шлиузқәа русура мҩаԥыргоит амеханизм ҷыдақәа
© Sputnik / Роберт ДжопуаАӡеизакырҭаҟны аӡазымхара иахҟьаны Егры аӡиас ахь аӡоужьра мҩаԥымсижьҭеи ҩы-шықәса ҵуеит
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
7/13
Аӡеизакырҭаҟны аӡазымхара иахҟьаны Егры аӡиас ахь аӡоужьра мҩаԥымсижьҭеи ҩы-шықәса ҵуеит
© Sputnik / Роберт ДжопуаЏьваратәи аӡеизакырҭа. Иара еиқәнаршәоит агенераторқәа русура
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
8/13
Џьваратәи аӡеизакырҭа. Иара еиқәнаршәоит агенераторқәа русура
© Sputnik / Роберт ДжопуаАдгьылаҵатәи аӡыдкыларҭа. Аӡыдкыларҭа иамоуп ҩ-кылҵәарак, аладахь акахьы ииасуа
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
9/13
Адгьылаҵатәи аӡыдкыларҭа. Аӡыдкыларҭа иамоуп ҩ-кылҵәарак, аладахь акахьы ииасуа
© Sputnik / Роберт ДжопуаАгидрогенераторқәа аус дзыруа атоннель Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп. Иара аҭбаара 9,5 метра ыҟоуп, аура – 15 километра. Атоннель аиҳарак ашьхақәа ирыҵгоуп
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
10/13
Агидрогенераторқәа аус дзыруа атоннель Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп. Иара аҭбаара 9,5 метра ыҟоуп, аура – 15 километра. Атоннель аиҳарак ашьхақәа ирыҵгоуп
© Sputnik / Роберт ДжопуаАԥсны афымцамч ахархәара еиҿырымкаар, аԥхьаӡагақәа ықәыдмыргылар, ашәахтәқәа рымшәалар ҩышықәса рышьҭахь Аԥсны фымцалашарада иаанхар
алшоит, ҳәа иҳәеит ЗҲӘА "Егыр ГЕС" адиректор хада Леван Мебониа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит заа асырӡ млеир аӡеизакырҭаҟны аӡы ахышәа-ҵышәа 420 метра рҟынӡа илаҟәыр алшоит ҳәа. Асеиԥш аан аинструкциа инақәыршәан афымцастанциа аусура аанкылазароуп.
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
11/13
Аԥсны афымцамч ахархәара еиҿырымкаар, аԥхьаӡагақәа ықәыдмыргылар, ашәахтәқәа рымшәалар ҩышықәса рышьҭахь Аԥсны фымцалашарада иаанхар
алшоит, ҳәа иҳәеит ЗҲӘА "Егыр ГЕС" адиректор хада Леван Мебониа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит заа асырӡ млеир аӡеизакырҭаҟны аӡы ахышәа-ҵышәа 420 метра рҟынӡа илаҟәыр алшоит ҳәа. Асеиԥш аан аинструкциа инақәыршәан афымцастанциа аусура аанкылазароуп.
© Sputnik / Роберт ДжопуаАҭыхрақәа раан аӡы аҩаӡара 437,93 метра иҟан. Ари аҭагылазаашьала аусура алшоит жәабранмза анҵәамҭанӡа
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
12/13
Аҭыхрақәа раан аӡы аҩаӡара 437,93 метра иҟан. Ари аҭагылазаашьала аусура алшоит жәабранмза анҵәамҭанӡа
© Sputnik / Роберт ДжопуаГЕС аусура еиҿыркаауеит 800-ҩык аҟазауаа. 250-ҩык аӡкырҭа аусура аиқәыршәара рнапы иануп, егьырҭ - Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иҟоу астанциа атехникатә хәҭа аусура еиқәдыршәоит
Егры ГЕС. - Sputnik Аҧсны
13/13
ГЕС аусура еиҿыркаауеит 800-ҩык аҟазауаа. 250-ҩык аӡкырҭа аусура аиқәыршәара рнапы иануп, егьырҭ - Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иҟоу астанциа атехникатә хәҭа аусура еиқәдыршәоит
Ажәабжьқәа зегьы
0