Аминистрцәа Реилазаараҿы Аԥсны 2025 шықәсанӡатәи аҿиара иалацәажәеит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАминистрцәа Реилазаара аилатәара.
Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу аилатәараҟны, ахәаша, жәабран 12 рзы Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны 2025 шықәсанӡа аҿиара астратегиа иақәшаҳаҭхеит.

АҞӘА, жәабран 12 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Изаамҭанытәиу аилатәараҟны, ахәаша, жәабран 12 рзы Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны 2025 шықәсанӡа аҿиара астратегиа иақәшаҳаҭхеит.

"Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара астратегиа" аус адулан иагьӡырган. Сгәы иаанагоит уажәшьҭа иаҭаххарым ҳәа хаз-хазы, усхк-усхкла апрограммақәа раԥҵара. Аӡыргара мҩаԥган, аха абри азҵаара аганахьала ҳара ҳгәаанагара ҳамҳәацызт, убри азоуп иахьатәи аилатәараҟны ҳалацәажәар заҳҭаху", — иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба.

Аминистрцәа "Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара астратегиа" азы абжьыҭира мҩаԥыргаанӡа, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Олег Дамениеи имҩаԥгаз аусура атәы иалацәажәеит.

Сергей Глазиев. - Sputnik Аҧсны
Глазиев: Аԥсны аҿиара астратегиа ҳазыԥшижьҭеи акырҵуан

"Алҵшәақәа ҟаларц азы уаанӡа ишыҟаз, ашықәстә планыркра ҳацәхьаҵны астратегиатә ҟазшьа змоу, 10 шықәса ирыдамхаргьы изҵазкуа апланыркрақәа мҩаԥгалатәуп", — иҳәеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аминистр ицәыригеит аусурақәа рмасштаб аазырԥшуа ацифрақәа.

"Жәабаҟа мзы инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз азыҟаҵарақәа раан имҩаԥган жәабала аҭҵаарақәа, ауааԥсыра разҵаарақәа. Уахь иаҵанакит ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа ҳтәылауаа", — иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба иара убасгьы дазааҭгылеит аҿиара астратегиа маншәаланы аус аур 2020 шықәса рзы Аԥсны аулафахәқәа акыр ишьҭыҵыр шрылшо.

Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Олег Дамениа иҳәеит аҿиара аинерциатә сценариа аҟынтәи аоптималтә сценариахь аиасра Аԥсназы акрызҵазкуа усны ишыҟоу.

"Уи ҳәарада имариам, раԥхьа иргыланы иаҭахуп астратегиатә хықәкқәа рҳәаақәҵара. Иҳәаақәҵатәуп аҿиара амодель, ихадоу аусдҵақәа, урҭ рыӡыбра амеханизмқәа. Абарҭ зегьы астратегиаҟны рзааҭгылара ҳҽазаҳшәеит", — иҳәеит Дамениа.

Шамил Аӡынба иазгәеиҭеит Астратегиатә ҿиара Ацентр имҩаԥнагаз аусура ду апрактикаҟны ахархәара аиур шакәу.

"Араҟа иамҽхакуп ҳауаажәларратә еилазаара зегьы. Ари аконцепциа иацҵалатәуп, иазырҳалатәуп. Ҳара азин ҳамам асеиԥш аусура ду мҩаԥганы, нас аганахь ашьҭаҵара", — иҳәеит Аӡынба.

"Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара астратегиа" аус адулара мҩаԥысуан х-етапкны. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара астратегиа аконцепциа иҳәаақәнаҵоит астратегиеи асоциал-економикатә ҿиара аусқәа рыӡбараз аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0