Апроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" апроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны апроект Аԥеиԥш аусура иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны", Бзыԥта ақыҭа инхо Хьециаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит.

АҞӘА, жәабран 22 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭа инхо, Дмитри Хьециа иҭаацәараҿы ирызҳауеит  жәаҩык ахшара.  Хәҩык аԥацәеи, хәҩык аҭыԥҳацәеи. Ааигәа, ари аҩнаҭаҿы иҟалеит арыцҳара. Ахәыҷқәа дрыԥхеит 45шықәса ирҭагылаз, зыхшара згәазхара иззымбацыз урҭ ран, Аннета Ҳамиҭԥҳа. Аб ихәыҷқәа игәыҵыҳәҳәа, излаилшо ала рааӡара даҿуп.  

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнаго апроект "Аԥеиԥш" аԥҟарақәа инарықәыршәаны Хьециаа  рҭаацәа ацхыраара рзыҟаҵан. Дара рҭахрақәа еилкааны, афонд ахьӡала ирызнаган аҩнымаҭәақәа: адивани акреслақәеи, астоли аҟәардәқәеи, ахәы ахьыҟарҵо, рҽызладырԥхо амаҭәахә.

"Аԥсны раионцыԥхьаӡа, аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа аныҟала, ҳара иаҳҭаху аҩыза аԥсуа ҳәынҭқарра, хымԥада иҳаргылоит. Хгәыӷрақәа  здаҳҳәало абарҭ ахәыҷқәа роуп. Ҳара ҳазхьымӡаз, аԥхьаҟа дара инарыгӡап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, иахьа алшара змоу, ҳҳәынҭқарра аума, абизнес знапы алаку роума, ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа адгылара раҳҭар, лассы ауадаҩрақәа ҳаӡбар ҟалоит. Убри хықәкыс иҟаҵаны, Гагратәи араион ҳаҭааит. Мышьҭабзиала ҳааит ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аус аԥхьаҟагьы аҿиара амоуп. Агәабзиара рыманы еизҳалааит ҳхәыҷқәа, ҳара убри ауп иаҳҭаху", — ҳәа азгәеиҭеит Сонер Гогәуа

Гагра араионтә еизара адепутат Алла Григолиаԥха излазгәалҭаз ала, Хьециаа рҭаацәа, рхатә џьабаала инхоит, еихӡыӡаауа иныҟәеибагоит.

"Аҳәынҭқарра ахьӡала, араион ахьӡала еснагь ҳрыдгылоуп, ацхыраара излаҳалшо ала ираҳҭоит. Аԥсуаа рзы, ахшара рацәа, ари мал дууп, гәырӷьароуп, гәышьҭыхроуп. Хьециаа ирзыҟашәҵаз ахаҵгыларазы, ирзаажәгаз аҳамҭазы, даара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Агәамчи, алшареи шәыманы, аԥсуа ҭаацәарақәа шәрыцхраалартә еиԥш, аҭагылазаашьа Анцәа ишәиҭааит", — лҳәеит Алла Григолиаԥҳа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" апроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп

"Издыруада, абарҭ ахәыҷқәа ацхыраара ианаамҭоу ирыҭазар,  ианеизҳалак, аҵарадырра анроулак, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ныҟәырго иҟалар? Ҳааҭгыланы ҳхәыцып, иааҳарԥшып агәыҳалалра. Иахьа ацхыраара зҭаху, ианаамҭоу ианиуҭа, уаҵәы иуԥимгалар залшом. Ус рымҳәои аԥсуаа: "Аеҭым икәакәар былуам" ҳәа. Убри аҭагылазаашьа ыҟоуп абри аҭаацәараҿы. Ран лыҟамзаара рынмырԥшӡакәа, аӡӷабцәа еиҳабацәа, рашьцәеи, раҳәшьцәеи хәыҷқәа, нап рыдкыланы агәаԥхарра рыдҵаны, ирхылаԥшуеит еибааӡоит", — ҳәа азгәеиҭеит Виачеслав Сақаниа.

Иара убри аҽны, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥхаи, Гагра иҟоу афонд ахаҭарнак Виачеслав Сақаниеи идикылеит араион ахада Беслан Барцыц. Сонер Гогәуа араион ахада инарҭбааны изеиҭеиҳәеит афонд аусура ахықәкы. Ахәҭакахьала Беслан Барцыц, иҳәеит Гагра араион афонд имҩаԥнаго аусурақәа ишрыдгыло. Аиԥылараҟны иазааҭгылан аԥхьаҟатәи русеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз, афонд ахьӡала, араион ахада ианашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа. 

Иара убас, апроект "Ани амаалықьи" ахырхарҭала, Гагра араион инхо, ҿыц ахшара зауз аԥсуа ҭаацәарақәа рзы иҟаҵан аҳамҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0