АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Жәабран 23 инаркны хәажәкыра 15 рҟынӡа аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуеит Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь акандидатцәа ралхразы аинициативтә гәыԥқәа рҭаҩра. Абри атәы ҳалҳәеит аҟәатәи алхратә комитет ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Иулиа Гәымԥҳа.
Лара убасгьы иазгәалҭеит алхратә округқәа рҳәаақәа шыԥсаххо.
"Ажәалагала ҳауит алхратә округқәа рҳәаақәа ҳарҭбаарц, абжьыҭыҩцәа еихшахарц еиуршәарала. Иаҳҳәап ҭыԥк аҟны 700-ҩык абжьыҭыҩцәа ыҟоуп, егьирахь – 3200-ҩык. Даара аусура ду мҩаԥаагеит, аха иҳалҳаршеит анагӡара", — лҳәеит Гәымԥҳа.
Иара убри аамҭазы адепутатцәа рхыԥхьаӡара шыҟац иаанхоит.
"Уаанӡеиԥш 26-ҩык адепутатцәа аанхоит", — лҳәеит Гәымԥҳа.
Жәабран 23 инаркны хәажәкыра 15 рҟынӡа аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуеит Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь акандидатцәа ралхразы аинициативтә гәыԥқәа рҭаҩра.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаԥгахоит 2016 шықәса мшаԥымза 3 рзы. Дара мҩаԥысраны иҟан жәабранмзазы, аха атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иажәалагалала иахаагеит.
Ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны алхрақәа рымҩаԥгара рнапы иануп ақалақьтәи араионтәи алхратә комиссиақәа.