Асанкциақәа акаҳуеи абалыхи рыҵаркуам

© Sputnik / Томас ТхайцукҬырқәтәылатәи атауарқәа.
Ҭырқәтәылатәи атауарқәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи атауарқәа рганахьала Аԥсны асанкциақәа аланагалеит хәажәкыра 1 инаркны.

АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара адҵа инақәыршәаны асанкциатә сиахь иаҵанакуеит аԥсыӡ, ашәыр, ауҭраҭых уҳәа иҵегьы.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Ҭырқәтәыла иазнауа асанкциақәа Аԥсны адгылоит

Амаҭәаҭирҭа дәқьан аԥшәма Нусреҭ Ахба иажәақәа рыла Иара Ҭырқәтәылантәи ауп абалых шааиго. Аба асанкциақәа ирыҵаркӡом. Ахәаахәҭраҟны имоу апроблемақәа зыдҳәалоу адоллар аизҳареи ашәахтәқәа реизҳареи роуп.

Аҭырқәа чыс аресторанқәеи акаҳуажәырҭақәеи аҭыԥантәи аалыҵ аархәоит. Акаҳуажәырҭа администратор Гәдиса Ебжьноу иажәақәа рыла дара аҳәаанырцәынтәи иаарго асанкциақәа ирыҵарымкуа акаҳуеи ачаии роуп.

Ауадаҩрақәа рымоуп афатәаалыҵ ахьырҭиуа адәқьанқәа рыԥшәмацәа. Акәацҭирҭа дәқьан аҟны иҳарҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Ҭырқәтәылантәи атауар шаарымго.

Очамчыра араион аҟны иҟоу ақыҭанхамҩатә наплакы аиурист Геннадии Берулаа ишиҳәаз ала дара ҭырқәтәылантәи апатырџьани анашеи рфида аргон.

"Макьаназы еилкаам ҳаԥхьаҟа иҟалаша. Атәыла Ахада иҟны ҳаҟан, аха уаҟагьы макьаназ акгьы ҳарымҳәеит. Иаҳгәиҭоуп ҳхатәы фида аарыхразы арԥхага аргылара", — иҳәеит иара.

Аминистрцәа Реилазаара асаит аҟны еиқәыԥхьаӡоуп асанкциатә тауарқәа рсиа. Уахь иаҵанакуеит аԥсыӡ, акартош, аџьымшьы, ацитрустәқәа, анаша, аҵәа уҳәа аалыҵқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0