Асҭамыр Ԥачалиа: ареферендум аидеиа ҵаҵӷәыданы иҟам

© Sputnik Роберт ДжопуаАтәыла Ахада заанаҵтәи иалхра азҵааразы ареферендум.
Атәыла Ахада заанаҵтәи иалхра азҵааразы ареферендум. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада заанаҵтәи иалхра азҵааразы ареферендум амҩаԥгара азырхоуп атәылаҟны ишьақәгылаз аполитикатәи аекономикатәи кризистә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, рҳәеит апресс-конференциаҟны иара аԥшьгаҩцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 3 —  Sputnik, Роберт Џьапуа. Атәыла Ахада заанаҵтәи иалхра азҵааразы ареферендум амҩаԥгара азырхоуп атәылаҟны ишьақәгылаз аполитикатәи аекономикатәи кризистә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, рҳәеит апресс-конференциаҟны иара аԥшьгаҩцәа. Ареферендум аидеиа ҵаҵӷәыданы иҟам иҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Кьаразаа" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, аԥшьгаратә гәыԥ анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ԥачалиа.

"Аидеиа ҵаҵӷәыданы иҟам. Абри зегьы зыдҳәало ареспубликаҟны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьоуп. Ишдыру еиԥш иара акыр аибарххара аҵоуп", — иҳәеит Ԥачалиа.

Ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иҳәеит ареферендум заҵәык шакәу изылшо атәылаҟны аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбразы азин шьаҭа зманы иҟоу.

Аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла, ауаажәларратә еиҿкаара "Аҳәса аполитикаҟны" ахантәаҩы Ирина Агрԥҳа ажурналистцәа идеиллыркааит атәылауаа атәыла Ахада игәрагара рымоу ирымаму аилкаара шакәу хықәкны иҟоу.

"Ҳазҭагылоу аамҭазы атәылаҟны изызҳауа асоциалтә ҿагылара шьаҭас иҟаҵаны аоппозициа ииасуеит амассатә уаажәларратә ҵысрахьы. Ареферендум, ҳазҭагыло аполитикатәи аекономикатәи кризис аҭышәныртәаларазы аҵакы дууп", — лҳәеит Агрԥҳа.

Гудиса Агрба, аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла, ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит атәыла анапхгара ареферендум амҩаԥгараан ареспублика атәылауаа ақәыӷәӷәара рырҭоит ҳәа агәаанагара шимоу.

"Атәыла анапхгара ареферендум амҩаԥгараан ареспублика атәылауаа реиԥш аполитикатә мчрақәа рхаҭарнакцәагьы ақәыӷәӷәара рырҭар алшоит. Уи аҩыза ақәыӷәӷәара дара амчрахь иааижьҭеигьы ишаҿу аабоит. Ирацәаҩуп згәаанагара аартны изҳәо ауаа русурҭаҭыԥқәа анырцәыӡуа. Агәаанагара ҳамоуп ҳаргьы ишалшо ала аԥырхагахара шҳауа, аха ҳаргьы ҳхықәкы ҳацәхьаҵуа ҳаҟам", — иҳәеит Агрба.

Аҩаша, хәажәкыра 1 азы аԥшьгаратә гәыԥ арзаҳал нанашьҭит Ацентртә алхратә комиссиахь атәыла Ахада заанаҵтәи иалхра азҵааразы ареферендум амҩаԥгаразы.

Аԥшьгаратә гәыԥ аҳәынҭқарратә ҭаҩра анаиу арыцхә инаркны азин амоуп ԥынкылада анапынҵамҭақәа реизгара. Аамҭала анапынҵақәа реизгара ҩымз ирхыгамхароуп.

Анапынҵақәа реизгара анхыркәшахалак аԥшьгаратә гәыԥ ишьақәнаргылоит ахыркәшаратә ԥкаанҵа. Аԥкаанҵа Ацентртә алхратә комиссиа аҳәынҭқарра Ахада иахь инанашьҭуеит. Иара дақәшаҳаҭхар, ирыдыркылоит ареферендум амҩаԥгаразы аӡбра.

Ажәабжьқәа зегьы
0