Викториа Анқәабԥҳа ҳацхыраара лҭахыуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВикториа Анқәаб.
Викториа Анқәаб. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" алагеит жәаҩа шықәса зхыҵуа Викториа Анқәабԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik, Саид Баргнаџьиа. Викториа Анқәабԥҳа аҿиараҿы деиҵахоит, шықәсык анылхыҵуаз лара илзықәдыргылеит ахәыҷтәы дысра ачымазара, ҳәа аалыцҳаит афонд "Ашана" аменеџьер Мактина Џьынџьалԥҳа.

Акультура-гәыҳалалратә фонд Ашана есышықәсатәи аҳасабыртәатә еизара. - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" 2015 шықәсазтәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит

Ҳколлегацәеи ҳареи ахәыҷтәы кафе ахь ҳнеит, уаҟа ҳаиқәшәараны ҳаҟан. Викагьы лан длыцны дук мырҵыкәы дааҩналеит, акамера анылба ахәыҷқәа зегьы реиԥш, дааԥхашьеит.

12 шықәса зхыҵуа ахәыҷы лара лхатәы гәҭыхақәа лымоуп, ашьшьыҳәа дтәаны аиҳабацәа дырзыӡырыҩуан. Аамҭа хәыҷык ианца ацәажәарагьы далагеит. Лара афбатәи акласс аҿы дтәоуп. Лан Ельвира Џьениаԥҳа излаҳалҳәаз ала аҵара аҵара хәыҷык илцәыуадаҩуп, аха илылшо зегьы ҟалҵоит. Вика лажәақәа рыла зегьы реиҳа бзиа илбоит аԥсуа бызшәа, аҳасабра уамак илгәаԥхом.

Ахәыҷы лан лажәақәа рыла дара ирылшоз зегьы ҟарҵон, дахьынӡазҳауаз зегьы реиԥш лхы лбаразы. Вика лашьа еиҳаби илыциз лаҳәшьа Емилиеи ыҟоуп. Ран аеҳәшьцәа зехьынџьара еицылгон, еилылхӡомызт.

"Раԥхьа ахәыҷбаҳчахь ицон, анаҩс Бамборатәи абжьаратә школ ахь. Ҳаԥҳа баша Викториа ҳәа илыхьӡаҳамҵеит, дани нахыс уи даиааилар акәын", — ҳәа ҳалҳәеит ан Ельвира Џьениаԥҳа.

Вика лхаҭа даара лгәы иалоуп, лхала дахьзымныҟәо, дахьызмыҩо, дахьзымкәашо зегьы реиԥш. Лара лықәра шмаҷугьы лҟазшьа даара иӷәӷәоуп. Лыкласс аҿы зегьы дырҭахыуп, илацәажәоит, илыцхраауеит.

Жәышықәса раԥхьа аҭаацәараҿы дҭахеит Викториа лаб.

"Сымацара хҩык ахәыҷқәа сааӡар акәхеит, аӡәы дычмазаҩуп. Изласылшо ала иахәҭоу зегьы ҟасҵоит. Изныкымкәа Аԥсни Урыстәылеи дысхәышәтәхьеит, аха сымацара уаҳа сылшом, ацхыраара сҭахыуп", — лҳәеит ан.

Афонд "Ашана" ахаҭарнак излаҳалҳәаз ала, ахәыҷы дрыдыркылартә иҟоуп амедицинатә технологиақәа Ринститут аҿы, зны дгәарҭоит нас лныҟәара еиӷьыртәуеит. Еизакны 399 нызықь 480 мааҭ аԥара аҭахыуп.

Викториа Аиба лыцхырааразы, Аԥсны аҭелтә еимадара абонентцәа афонд "Ашана" абаланс ахь аԥарақәа риагара рылшоит: аҭел аҟны *147* ииажәго аԥара # аҭел асра акнопка. Мышказы ииажәгар алшоит 30 мааҭ инаркны 500 мааҭ рҟынӡа. Мамзаргьы СМС аномер 5050 ахь иаашәышьҭыр шәылшоит — ажәа АГӘЫҲАЛАЛРА ма DOBRO ҳәа арбаны, знык иаашәышьҭыз СМС 20 мааҭ иаԥсоуп. Иара убас абанктә ииагара: "Гарант-банк" ма "Сбербанк" аҟәшақәа рыла аԥара нашәышьҭыр шәылшоит. Ахәыҷқәа шәызларыцхырааша егьырҭ амҩақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит асаит www.ashanakbf.com аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0