АҞӘА, хәажәкыра 4 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәаша, хәажәкыра 4 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара. Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд алҵшәа аиуп ҳәа ҳгәыӷуеит иҳәеит аиԥылараан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чыргба.
"Ииасыз араунд акыр иуадаҩын. Сгәы иаанагоит уи алкаақәа ҳнарҟаҵап ҳәа, сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟатәи араунд еиҳа хра аманы имҩаԥысып ҳәа. Ҳҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хада – арегион аҭынчра азаагароуп. Абри аҟны ихаданы иҟоуп Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амчра ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра", — иҳәеит Чыргба.
Иара иажәақәа рыла Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амчра ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иуадаҩу, аха зынагӡара ауа усуп.
"Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амчра ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иуадаҩу, аха зынагӡара ауа усуп. Аибашьра аҽазнык иҟамлароуп, аиҳаракгьы еигәылацәоу атәылақәа рыбжьара", — иҳәеит аминистр.
Чыргба иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәараны ишыҟоу еиуеиԥшым атемақәа.
"Ҳара агуманитартә усхк акыр инарҭбааны ҳалацәажәоит, ҳалацәажәоит ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаара. Иҟоуп аиӷьхарақәа. Ҳгәыӷуеит Галтәи амеханизм аиҭашьақәыргылара ҳалшап ҳәа. Уи иалнаршон аганқәа рыбжьара ашәарҭадаразы аинформациа аимдара иара убасгьы ацхыраара анаҭон агәреибагара ашьақәыргылара", — иҳәеит Чыргба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥсуа ган аиҿцәажәарақәа рҟны ишьҭнахраны ишыҟоу аекологиа азҵаатәқәа.
"Ҳара ҳрылацәажәараны иаҳгәиҭоуп аекологиа азҵаарақәа. Урҭ арегионалтә ҵакы рымоуп, иаҳҳәап амцаԥшьхәаҷа апроблема. Иара ҳара ҳҿы мацара акәӡам иахьықәгылоу. Уи проблеманы ирзыҟоуп Урыстәыла, Қырҭтәыла, Иран, Ҭырқәтәыла" — иҳәеит аминистр.
Чыргба иара убасгьы далацәажәеит акультуратә аспектгьы.
"Арахь иаҵанакуеит Аԥсны аибашьраан иацәыӡыз архивтә документқәа рырхынҳәра. Сгәы иаанагоит апроцесс иацҵахоит ҳәа. Ҳара ҳзы уи акраҵанакуеит. Иазгәасҭоит аиӷьрақәа шаабо. Урҭ ирылшоит арегион аҟны аҭынчра ашьақәыргылара", — иҳәеит Чыргба.
Евроеидгыла ахьӡала женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ахаҭарнак ҷыда Герберт Зальбер иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аус рацәа шырзыԥшу.
"Даара сгәыӷуеит ҳаззыԥшу араунд алҵшәақәа аанашьҭып ҳәа. Иаҳхысыз араунд аан ҳара амцаԥшьхәаҷа азҵаара шьҭаҳхит. Абри азҵаара аганахьала имҩаԥгоуп аекспертиза. Аексперт арахь дааны ажәахә ҟаиҵахьеит, абжьагарақәагьы иара убас", — иҳәеит Зальбер.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аилацәажәарақәа 35-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22-23 рзы.