Аԥсны адунеизегьтәи "азеиԥштә диктант" аҽаланархәуеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультуратә фонд "Аԥсны-Русь" ахада Татиана Леонова иаҳзеиҭалҳәеит сынтәа азеиԥштә диктант аҩра рхы шаладырхәуа 150 000-ҩык рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 11 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Акультуратә фонд "Аԥсны-Русь" ахада Татиана Леонова иаҳзеиҭалҳәеит сынтәа азеиԥштә диктант аҩра рхы шаладырхәуа 150 000-ҩык рҟынӡа. Акциа мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, мшаԥымза 16 рзы. Иара иалахәхар алшоит агәазыҳәара змоу зегьы, лҳәеит Акультуратә фонд "Аԥсны-Русь" ахада Татиана Леонова.

Лара лажәақәа рыла акциа мҩаԥгахоит "Москва аҩны" аҟны.

"Агәаҭарақәа рышьҭахь аусумҭақәа асаит аҟны ихаҳшьуеит, аха иара уа абара илшоит адиктант зыҩуаз заҵәык. Адиктант абланк аҟынгьы изыҩуа илшоит ихьӡи ижәлеи ракәымкәа акод-ажәа аирбар".

Леонова еиҭалҳәеит адиктант ашьақәыргылара дшаҿу ҳаамҭазтәи аурыс шәҟәыҩҩы, аха уи ихьӡ макьана иӡырыргом.

Уажәы ҩынтәуп азеиԥш диктант Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи. Ҵыԥх иара иалахәын 26-ҩык.

Аԥсны азеиԥш диктант аҩра иаԥшьгаҩцәаны иқәгылоит Акультуратә фонд "Аԥсны-Русь", 2012 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадарақәа реизырҳаразы иаԥҵаз.

Адиктант аидеиа хацыркхеит Новосибирск 2000 ашықәс аламҭалазы. 2014 шықәса рзы акциа мҩаԥысит 352 қалақь рҟны, иаҵанакит 47 тәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0