Гьаргь Гәлиа имш иира аҽны ибаҟаҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит

© Sputnik Рада АжьиԥҳаГьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа имш иира аҽны ибаҟаҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит
Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа имш иира аҽны ибаҟаҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа имш иира аҽны ибаҟаҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит ашәҟәыҩҩцәеи, Д.Гәлиа ихьӡ зху амузеи аусзуҩцәеи.

АҞӘА, хәажәкыра 14 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа имш иира аҽны дахьиз-дахьааӡыз аҩныҟны игәаларшәра аҳаҭыраз имҩаԥган ахәылԥаз.

"Гәлиаа дуқәа рыхьӡ, рыжәла, рҭоурых ҳаԥсуа культура аҿы рлагала атәы еиҭаҳәашьа амаӡам", ҳәа иҳәеит ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа анапхгаҩы Мушьни Лашәриа.

"Дырмит Гәлиа аԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз, иҷкәын Гьаргь Аԥсны аӡбахә ахьӡ хара иназгаз, иаԥсаз ҵеин. Иара Аԥсны ахьӡ ашьҭыхра дашьҭан. Еицырдыруа афранцыз шәҟәыҩҩцәа Александр Диума, иҷкәыни иареи реиԥш ҳара ҳҟынгьы аби аԥеи ҳлитература иазынрыжьит хәы змаӡам арҿиамҭақәа. Гьаргь Гәлиа ихаҭара иааигәаны иузымдырозар итәы аҳәара уадаҩуп. Зегьы ирыхьӡоз, зегьы бзиа избоз, зегьы згәы азыбылуаз иакәны дыҟан, афы еиԥш дласын", — ҳәа азгәеиҭеит ашәҟәыҩҩы.

Гьаргь Гәлиа имаз аҟазшьақәа ируакын алафҳәара, иҵару аиумор пату ақәиҵон, иара ирҿиамҭақәа рҟнгьы уи анубаалон.

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиа, лгәалашәараҿы дазааҭгылеит Гьаргь Гәлиеи лареи реибадырра, илафҳәашьа, ихымҩаԥгашьа.

"Гьаргь Гәлиеи сареи ҳаибадырит Москва акалақь аҟны, иԥха Татианеи сареи аҵара еицаҳҵон, лдипломтә усумҭа оппонентс саман, лусумҭа ианылыхьча анаҩсан, убас шәҭы ԥшӡақәак ҳәа сиҭеит, уи иахьагьы сыбла иахгылоуп. Изныкымкәа-иҩынтәымкәа иҩны снеихьан, рҭаацәаратә еизыҟазаашьа даара аԥхарраа аҵан, алафи алахҿыхреи рыман", — ҳәа ацылҵеит Корсаиа.

Корсаиа: Дырмит Гәлиа даниз амш, аԥсуа жәлар ҳзыҳәан ныҳәа мшуп

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аусзуҩцәа ирҳәеит Гьаргь Гәлиа данииз, ихьӡала излахысыз ашәақь иахьа афонд аҟны ишыҟоу. Иара убас, Москвантәи данаалак иаҳәшьеи иареи реицәажәара аԥхара иаҵаз, дыхьиз- дахьааӡаз иҩны алахьынҵа есымша гәыҵхас ишимаз.

Гьаргь Гәлиа дхәыҷы аахыс аҟыбаҩ ҷыда иланы дызҳауан, иара дрызҿлымҳан ажурналистикеи, аҿыханҵареи.

1930 шықәсазы раԥхьаӡа акьыԥхь абеит Гьаргь Гәлиа иповест "На скате". Ажәабжь кьаҿқәеи, ахәыҷқәеи ирызку аповестқәеи еидкыланы шәҟәны "У костра" ахьӡны иҭыҵит 1937 шықәсазы.

Гьаргь Гәлиа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала ажәабжьқәеи, ароманқәеи, аповестқәеи, аҭоурыхтә жәабжьқәеи, акиносценариқәеи.

Гьаргь Гәлиа иповест "Весна в Сакене" азы 1947 шықәсазы ианашьан Сталин ихьӡ зху апремиа ахԥатәи аҩаӡара, "аҳаҭыртә дырга" аорденқәа хԥа, Аԥсни Қарҭтәылеи зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа ахьыӡ ҳаракқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0