АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак, агазеҭ "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аусзуҩ Неджеҭ Агәмаа далацәажәеит хәажәкыра 14 рзы Анкара аҭыԥ змаз атеррористтә акт ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьа. Ауаа агәҭынчымра рнаҭоит атеррористтә акт аҽазныкгьы ишыҟамло агәрагара ахьрымам.
"Иахьазы маҷк ҳагәқәа ҭынчхазаргьы аполициа ауаа ргәырҽанызарц рарҳәоит. Ари иаанаго арыцҳара еиҭаҟалар алшоит ауп. Убриоуп зегь раасҭа ишәарҭоу. Уаҵәы иара еиԥшу аҽак шыҟамло азы агәрагара ҳамам", — иҳәеит Неджеҭ Агәмаа.
"Аполициа ауаа ааныркылоит, иразҵаауеит изусҭцәо, иахьынхо, иахьцо, иахьынтәаауа. Уи бзиоуп", ҳәа азиԥхьаӡоит иара.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа аизара ҟаҵаны рыуаажәлар рахь аҳәара ҟарҵеит ауаа рацәа ахьеизо ахь рнеира маҷк иԥыркларц азы.
Хәажәкыра 13 рзы атәыла Аԥыза-министр иофисқәа руак ааигәара арԥжәага зҭаз автомабиль ԥжәеит. Иҭахеит 37-ҩык, ахәрақәа роуит 125-ҩык.
Аҵыхәтәантәи амзақәа ирҭагӡаны ари атеракт ахәбатәи ауп. Иааидкыланы атерактқәа раан иҭахеит 200-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.