Аԥсны ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсни Ҟрыми рыбжьара амшынтә еимадара шыҟало

© Sputnik Томас ТхайцукМорпорт.
Морпорт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Ҟрыми рыбжьара амшынтә еимадара ҟалоит ҳәа азгәарҭеит ареспублика аенергетикеи атранспорти Рҳәынҭқарратә усбарҭаҟны. Абри азҵаара аганахьала иахәҭаны иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа макьаназы ирыбжьарымҵац.

АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсни Ҟрыми рыбжьара амшынтә еимадара ҟалоит ҳәа азгәарҭеит ареспублика аенергетикеи атранспорти Рҳәынҭқарратә усбарҭаҟны. Аха абри азҵаара аганахьала иахәҭаны иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа макьаназы ҳабжьаҳамҵацт, иҳәеит ареспублика аенергетикеи атранспорти Рҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба.

Аха, иналкааны рыцхәқәак рыӡбахә макьаназы иалкааны иҟам.

"Ҳара ишьақәҳарӷәӷәом урыстәылатәи АИХ (СМИ) рҟны ицәырҵыз аинформациа – апаран "Вариаг" Аԥсни Ҟрыми ирыбжьалоит ҳәа макьаназы, аха абри аганахьала аусурақәа мҩаԥысуеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иажәақәа рыла апаран здызкылоны иҟоу Аҟәатәи абаӷәаза заҵәык ауп.

"Аҟәатәи абаӷәаза апаран адкылара иазыхиоуп, аха иара ахышәа-ҵышәа зеиԥшроу иаҿырԥшны, аӷба дуқәа рыдкылара ҳзалыршаӡом. Гагратәи абаӷәаза акәзар аремонт иаҿуп. Аԥхынраз ахархәарахь инашьҭхоит", — иҳәоит Ҳаџьымба.

Уаанӡа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба далацәажәахьан Аԥсны шазыхиоу Ҟрыми иареи реимадара.

Ажәабжьқәа зегьы
0