Лашәриа: Ҭарба аԥсуаа ринтересқәа ихьчон, аҿаԥыц иҿан, ажәа дызҟазан

© Sputnik / Томас ТхайцукМушьни Лашәриа.
Мушьни Лашәриа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апрозаик, апоет, Д. Гәлиа ихьӡ ӡху апремиа алауреат, акыр шықәса ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс иҟаз Иван Ҭарба диижьҭеи иҵит 95 шықәса.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Иван Ҭарба ашәҟәыҩҩцәа реидгыла напхгара анаиҭоз аамҭаз, аԥсуа литература абӷа еиҵыхра аамҭа иҭагылан, ҳәа игәалаиршәоит уи аамҭақәа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.

"Иван Ҭарба акырӡа иныҟәахьыз шәҟәыҩҩын, дахьыҟазаалакгьы, дахьықәгылалакгьы аԥсуаа ринтересқәа ихьчон, аҿаԥыц иҿан, ажәа дызҟазан. Ҳашәҟәыҩҩцәа ахатәрақәа данрываҟәыло дыҟоуп иаԥҵамҭақәа рыла. Ироман "Амра ҳара ҳҿы игылоит" азы ианашьан Д.Гәлиа ихьӡ зху апремиа", — ҳәа иҳәеит ашәҟәыҩҩы.

Мушьни Лашәриа иажәақәа рыла, алитература иаланагалоз ҿыцрак, хәыцрак иара авагылара аиҭон.

"Ажурнал "Алашара" аҟны аус анызуаз, иаԥысҵеит, ҩымҭак азы ҩ-гәаанагарак ма х-гәаанагарак ҳәа арубрика, ари аус аинтерес аҵан, уи ргәаԥхон ҳашәҟәыҩҩцәа, уи иигәаԥхон Иван Ҭарбагьы", — ҳәа азгәеиҭеит Лашәриа.

"Уи аҵыхәала аимак-аиҿак цәырҵозаргьы, лассы иаҳхашҭуан, избанзар ҳазҿыз акакәын, ҳлитература ашьҭыхра", — ҳәа ациҵеит уи.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра инаҭаз ааха Иван Ҭарба ишьара дықәнарҟьеит, зҿара аамҭаз даара активла зхы аазырԥшуаз ашәҟәыҩҩы шьахә агәамбзиара ихьӡеит, ҳәа иигәалаиршәоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы Мушьни Лашәриа.

Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа: апоезиа – сыԥсҭазаара иашьаҭоуп

Ашәҟәыҩҩы, апрозаик, апоет, Д. Гәлиа ихьӡ ӡху апремиа алауреат Иван Ҭарба диит 1921 шықәсазы, хәажәкырамзы 21 аҽны, Очамчыра араион, Баслахә ақыҭан.

1930-тәи ашықәсқәа рзы ажурналистика инапы аиркит, аус иуан араионтә газеҭ "Абольшевикцәа рымҩа" аҟны, анаҩсан "Аԥсны ҟаԥшьи", "Советская Абхазия" рҿы.

Иван Ҭарба дравторуп хкы рацәала ароманқәа, ажәабжьқәа. Иҩымҭақәа еиҭагоуп атәым бызшәақәа рахь. Иван Ҭарба 25 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла деиҳабын.

Иван Ҭарба иԥсҭазаара далҵит 1994 шықәсазы, анышә дамадоу ашәҟәыҩҩцәа рпантеон аҟны, Аҟәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0