00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
13 мин
On air
18:20
14 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
18:33
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
On air
18:49
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҳәынҭқар Аҟәа иаҭаара

© АрхивАимператор Александр II
Аимператор Александр II - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳкорреспондент Беслан Ԥиԥиа даҳзалацәажәеит 1861 шықәса цәыббрамзазы аимператор Александр II Аҟәа иҟазаара инаҭаз аныррақәа ртәы.

Кавказ иҟоу аусқәа рҭагылазаашьа аилкааразы аимператор Александр II 1861 шықәса цәыббрамзазы Новороссииск дааит. Уантәи аимператортә иахта "Ливадиа" ала Аҟәаҟа ихы ирхеит. Иара дымҩаԥыргон аԥраӷбақәа "Кьылашәыри" "Ҟазбеги".

Асааҭ 12 рзы "Ливадиа" Аҟәатәи абаӷәаза иҭалеит. Аха, аҳәынҭқар иааираан асқьалаҟны арратәи аграждантәи напхгара ыҟамызт иҟалаз уи ауп, Аҟәа арратә комендант, аполковник Шатилов, аимператор ииахҭа аԥраӷбақәагьы шацыз дырны, Аҟәа аҩадахьы донтәи аказақцәа иртәеит адырраҭаратә ракетақәа рыҭаны. Актәи аӷба дара ахьтәаз ианаҩсуаз знык ихысыр акәын, аҩбатәи анраҩсуаз ҩ-ракетак ажәҩан иазырышьҭыр акәын. Убри ашьҭахь Аҟәа игылаз ар асқьала инаркны аҳәынҭқар даангылараны дахьыҟаз аҩнынӡа рҽеиҵыхны аҭыԥ ааныркылар акәын.

© Sputnik / Дмитрий Коробейников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИмператор Александр II в рабочем кабинете
Император Александр II в рабочем кабинете - Sputnik Аҧсны
Император Александр II в рабочем кабинете

Аха, Аҟәа иааӡарц рацәак рыгымкәа аимператор ииахта аԥраӷбақәа ираԥысит. Аказақцәагьы ҳәарада иара анырба ракетак ала ихысит. Аҩбатәи анырба ҩынтә ихысит аха уи аамҭазы аимператор ииахта абаӷәаза иадгылахьан. Аполковник Шатилов аимператор ибираҟ зхашәыршәыруаз аиахта абаӷәазахь иааихьеит ҳәа аниарҳәа еергьҳәа уахь анеира дахьӡеит, аргьы риадла ргылара ианалагоз аимператор изалхыз аҩны даныҩналоз акәхеит.

Александр II Аԥсны ҭауади аамысҭеи дырԥылеит. Шьыжьхьа ашьҭахь ақалақь дналс-аалсырц иӡбеит. Агоспиталь, аказармақәа данырҭаауаз асолдаҭцәеи аофицарцәеи рыбзазашьа дазҵаауан, рмаҵзуразы ҭабуп ҳәа раҳәаны аџьарқәа ргәышԥқәа иаиркуан.

© Sputnik / Михаил Филимонов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИмператор Александр II
Император Александр II - Sputnik Аҧсны
Император Александр II

Ахәылбыҽха, асааҭ 5 рзы аимператор аасқьалахьы днеиит. Ашхәа аҟынтәи аполковник Шатилов ибжьы наиқәиргеит: "ҭабуп агенерал, умаҵзурази ақалақь аҟны иҟоу аиҿкаарази" ҳәа. Еизаз ажәлари, аруааи ргәырӷьабжь "Ура" еиԥымҟьо игон аимператор "Ливадиахь" дхалаанӡагьы.

Аимператор Аҟәантәи Ԥуҭ ақалақь ахь ихы хан.

Ажәабжьқәа зегьы
0