Апроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаАпроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп
Апроект Аԥеиԥш аусура иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаԥнаго апроект "Аԥеиԥш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Чихлаӡе рҭаацәа афонд ахьӡала агәыҳалалратә цхыраара рзыҟаҵан.

АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа инхо Аслан Чихлаӡеи, Зита Цацуаԥҳаи жәҩык ахшара рааӡоит. Ԥшьҩык аҭыԥҳацәеи, хәҩык арԥарцәеи: Кристина, Сабина, Викториа, Руслан, Амина, Артур, Радик, Игорь, Милана. Иреиҵбӡоу ҩышықәса ихыҵуеит.  Аҭыԥҳацәа руаӡәк аҭаацәара далалахьеит. Фҩык ашкол иҭоуп ҩыџьа макьана ихәыҷқәоуп. Мышқәак рыла ари аҩнаҭаҿы асаби изыԥшуп. Ҿыц дираны дыҟоуп ажәабатәи амаалықь. 

Апроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп

Сонер Гогәуа напхгара зиҭо "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаԥнаго апроект "Аԥеиԥш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Чихлаӡе рҭаацәа афонд ахьӡала агәыҳалалратә цхыраара рзыҟаҵан. Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥҳаи, аԥсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуеи, ахшара рацәа змоу аҭаацәа рахь нап ҭацәыла имҩахымҵит. Аҭаацәа рҭахрақәа инарықәыршәаны урҭ ҳамҭас ирыҭан анхара анҵыраҿы рхы иадырхәаша абзазаратә маҭәахәқәа: архьшәашәага, ателевизор, аӡы зҭарҭәо абак, аӡәӡәага машьына, ачаӡыга уҳәа, аҩны ирҭаххаша еиуеиԥшым ацхыраагӡақәа. 

"Амалқәа зегьы ирмалуп ахшара рацәа. Ҳазшаз ари аҩыза абеиара зегьы ираҭәеишьаӡом. Шәара уи шәалыхәдаамхеит. Ҳазҭагылоу аамҭазы, ахныҟәгара аҭагылазаашьа мариамзаргьы, уи алҵшьа еснагь иҟоуп. Шәыхшара еизҳап, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рзы ихәарҭахап. Ҳфонд, ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа излалшо ала, адгылареи ацхыраареи анаҭоит. Уи шәара гәахәала иахьшәыдышәкыло, ҳара акырӡа ҳаигәырӷьоит", — иҳәеит Оқтаи Ҷкотуа.  

© Foto / Сырма АшәԥҳаЧихлаӡе рҭаацәа
Чихлаӡе рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Чихлаӡе рҭаацәа
, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иҟанаҵаз ахаҵгылара ахә ҳаракны иршьеит.

"Сара, ахшара рацәа змоу анык лаҳасаб ала сшәықәныҳәоит. Иуадаҩуп хымԥада ахныҟәгара. Аха, излаҳалшо ала ҳааиуеит. Аҩнаҭа аԥшәма заҵәык инапы ҳаныԥшылоит, ирҳауа ахәыҷала ҳхы ныҟәаҳгарц ҳҽазаҳшәоит. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит шәахьаҳхаҵгылаз. Шәыцхыраара анапы ахьҳашәҭаз", — ҳәа азгәалҭеит ан, афырԥҳәыс Зита Цацуаԥҳа. 

Апроект "Аԥеиԥш" аԥхьаҟагьы аусура иацнаҵалоит Аԥсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны. 


Ажәабжьқәа зегьы
0