Нанба: Стамбул амҩақәа рҟны шәарҭарак унырыртә иубом

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла.
Ҭырқәтәыла. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ақалақьқәа рымҩадуқәа рҟны шәа-ӡыӡарак убо иҟам. Стамбул ауаажәлар адәқьанқәеи акрыфарҭақәеи ирҭаауеит, аполициа усзуҩцәа ракәзаргьы улаԥш хыркуам, иҳәеит Аԥсны Арепатриациаз аҳәынҭеилакы ахаҭарнак Алиас Нанба.

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ҭырқәтәыла ақалақьқәа рымҩадуқәа рҟны шәа-ӡыӡарак убо иҟам, атеррактқәа ирхырҟьаны. Стамбул ауаажәлар ракәзар, уаанӡеиԥш адәқьанқәеи акрыфарҭақәеи ирҭаауеит, аполициа усзуҩцәа ракәзаргьы улаԥш хыркуам, иҳәеит иахьазы усутә визитла Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Арепатриациаз аҳәынҭеилакы ахаҭарнак Алиас Нанба.

"Ауаа иҟарҵац ҟарҵоит, ишынхац инхоит. Аполициа ула ихыҳало иҟам. Зехьынџьара ҭынчроуп. Апаркқәеи, адәқьанқәеи рҟны ауаа рацәоуп", ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥсуа ҭоурыхдырыҩ Џьамбул Инџьгьиа Стамбул иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҟны имҩаԥигаз алекциаҟны ауаа рацәа шыҟаз.

"Ақалақь аҟны шҭынчроу уанаҳәоит Стамбул иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҟны аԥсуа ҭоурыхдырыҩ Џьамбул Инџьгьиа имҩаԥигаз алекциаҟны ауаа рацәа ахьыҟазгьы. Иара далацәажәон 1922 шықәса рзы Нестор Лакобеи Ефрем Ешбеи Ҭырқәтәылаҟа рофициалтә визит аӡбахә", — иҳәеит Нанба.

Иара иҳәоит аԥсуа делегациа Ҭырқәтәыла рыҟазаара ззырхо Омар Беигәаа изку адокументалтә фильм аҭыхроуп ҳәа.

Уаанӡа, аҩаша, хәажәкыра 29 рзы США Аҳәынҭдепартамент Ҭырқәтәылаҟа аныҟәара шәарҭоуп ҳәа рыланаҳәеит, адипломатцәеи урҭ рҭаацәарақәа рхаҭарнакцәеи атәыла ааншәыжь ҳәа рыднаҵеит.

Адани Измири рҟны иҟоу аконсулра аусуҩцәагьы усеиԥш рыдгалан. Иара убри аан аконсултә маҵзура аус шау иауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0