Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ршкол Аԥсны иаартуп раԥхьаӡа акәны

© Sputnik Томас ТхайцукАмшын ааигәара иҟоу апарк. Гагра.
Амшын ааигәара иҟоу апарк. Гагра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Борис Кьехьир-иԥа ихьӡ зху Гагратәи ааглыхра-гуманитартә колледж аҟны иаадыртит раԥхьатәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ршкол.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik, Владимир Бегунов. Борис Кьехьир-иԥа ихьӡ зху Гагратәи ааглыхра-гуманитартә колледж аҟны иаадыртит раԥхьатәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ршкол. Абри атәы ҳаиҳәеит Гагратәи амузеи "Абааҭа" адиректор Давид Канделаки.

Давид Канделаки иажәақәа рыла аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рышкол аус аулоит анаука-ҭҵааратә центр "PONTO-CAUCASICA" абазала.

Ашкол ашьаҭаркҩы иажәақәа рыла иахьазы аекскурсиамҩаԥгаҩс аусуразы Акурортқәеи атуризми рминистрраҟны азин ҷыда аиура азхоит. Уаҟа аԥышәа змоу азанааҭуаа аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит. Уи адагьы атурфирмахь ирыдыркылоу аусуҩ аметодист аус идиулоит, ишьақәирӷәӷәоит иазирхио атекст, раԥхьатәи аныҟәарақәа раан диццалоит.

Ауаажәларратә палатаҟны иалацәажәеит иааиуа акурорттә сезон

Иныҭкааны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа разыҟаҵара ареспубликаҟны иахьа уажәраанӡа игәыгәҭажьын.

"Екскурсиамҩаԥгаҩыс ҳәа аусурахь инеиуеит еиҳарак аҭоурыхдырыҩцәа, афилологцәа, арҵаҩцәа. Схаҭа методистс атурфирмаҟны аус зуеит. Инарҭбаау акурсқәа ареспубликаҟны иахьа уажәраанӡа иҳамамызт. Ҳара ҳаушьҭымҭацәа иахәҭоу адыррақәа роуеит", — иҳәеит Давид Канделаки.

Иара иажәақәа рыла аҵара хымз иадхалоит, мчыбжьык ахь хынтә имҩаԥыслоит. Актәи агәыԥ, 22-ҩык рыла ишьақәгылоу аҵара хацдыркхьеит.

Арҵара иахьынӡазалшо апрактика иашьашәалан имҩаԥыслоит. Азыӡырыҩцәа иддырдыруеит агәыԥ аус адулара аԥсихологиа, анаукатә литература. Ианалго ареферат аздырхиароуп.

Давид Канделаки ишиҳәаз ала арахь иааиуеит иқәыԥшқәоу реиԥш зықәра маҷк иҟоугьы, иҟоуп ААУ астудентцәа, аушьҭымҭацәа, иара убасгьы екскурсиамҩаԥгаҩыс аус зухьогьы. Урҭ ирҭахуп рҟазара еиздырҳарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0