Ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа хыркәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа, Галтәи араион аалхны, егьырҭ араионқәа рҿы алхрақәа мҩаҧысит. Урҭ ртәы жәдырыр алшоит Sputnik Аԥсны аихшьаалақәа рҟны.

Sputnik

Аҭыҧантәи ахаланаҧхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа Аҧсны араионқәа зегьы рҿы имҩаҧган. Гал араион аламҵаӡакәа, араионқәа зегьы рҿы алхрақәа мҩаҧган. Аокругқәа хҧа рыда зегьы рҿы алхрақәа мҩаҧысит ҳәа ишьақәыргылан. Иаарҧшыз аилагарақәа ирыхҟьаны, Аҟәатәии Гәылрыҧшьтәии Ҭҟәарчалтәии араионқәа рҿы аиҭалхрақәа мҩаҧысраны иҟоуп. Аиҭалхрақәа мҩаҧгахоит "Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рзы" Азакәан инақәыршәаны.

Гагра араион аокругқәа зегьы рҿы алхрақәа мҩаҧысит ҳәа ишьақәырҕәҕәоуп, иҟоу адыррақәа рыла, асиа ианыз 24 000-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи иааз рзеиҧш хыҧхьаӡара 46% рҟынӡа инаӡоит. Кандидатцәас 25 ҭыԥ рҟны иқәгылан 64-ҩык, урҭ рҟынтәи 6-ҩык ҳәсақәан. Иара абасҵәҟьоуп ақалақь Пицундагьы ишымҩаԥысыз алхрақәа. Уаҟа депутатцәаны иалхуп 8-ҩык. Руаӡәк дыԥҳәысуп.

Алхырҭатә ҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
Афон Ҿыц ақалақь аҿы адепутатцәа ралхрақәа амҩаԥысра иаҿуп

Гәдоуҭатәи араион аҿгьы аокругқәа зегьы рҿы алхрақәа мҩаҧысит ҳәа ишьақәырҕәҕәоуп. Иааз алхыҩцәа рхыҧхьаӡара 41,5% рҟынӡа инаӡеит. 29 ҭыԥ рҟны иқәгылан 54 кандидат, урҭ рҟынтәи 6-ҩык ҳәсақәан. Иалырхыз рҟынтәи 15-ҩык иҿыцны иалху роуп. Акандидатцәа зегьы аԥшьгаратә гәыԥқәа иқәдыргылеит.

Афон Ҿыц араионтә Еизарахь инеиит 3-ҩык адепутатцәа. Араҟагьы Гагратәи араион аҟнеиԥш ԥҳәыск дыҟан, ақалақьтә еизарахь инеиит 9-ҩык адепутатцәа.

Аҟәатәи араион аҿы 15-ҩык рҟынтәи 14-ҩык хацәоуп.

Аҟәатәи ақалақьтә Еизарахь иалхуп 26-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 24-ҩык. Иалху рҟынтәи ԥҳәыск дыҟоуп.

Зегь реиҳа алхыҩцәа активла рхы аадырҧшит Очамчыра араион – 54,4%. Очамчыра араион аокругқәа рҿы алхрақәа мҩаҧысит ҳәа ишьақәырҕәҕәоуп. 32 депутаттә мандат азы иқәԥон 57-ҩык акандидатцәа. Иара убас, иқәгылаз аа-ҩык аҳәса рҟынтәи ҧшьҩык аиааира агара рылшеит. Гәылрыҧшь араион аҟны 15 депутаттә мандат рзы иқәԥон 22-ҩык акандидатцәа. Урҭ рҟнтәи 3-ҩык ҳәсан. Аизарахь иалырхит 14-ҩык адепутатцәа. Округк аҟны алхрақәа еиҭамҩаԥгахоит. Гәдоуҭа араион аҟнеиԥш араҟагьы адепутатцәа аԥшьгаратә гәыԥқәа иқәдыргылеит.

Рауль Ҳаџьымба алхрақәа ихы рылаирхәит

Ҭҟәарчал араион аҿы иҟаз 15 округ рҟынтәи 14 рҿы алхрақәа шымҩаҧысыз шьақәырҕәҕәоуп. 14-тәи аокруг аҿы аиҭалхрақәа рымҩаҧгаразы аӡбара рыдыркылеит, избан акәзар, иқәгылаз х-ҩык акандидатцәа рҟынтәи ҩыџьа еиҟараны абжьқәа роуит.

Ареспублика зегьы иахьаҵанакуа имҩаԥысит алхрақәа, Гал араион аҟны ада. Гал араион аҟны алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2017 шықәса рзы, ааԥын.

Аԥсны аҵыхәтәантәи алхрақәа мҩаԥган 2011 шықәса мшаԥымзазы.

"Ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа рзы" Азакәан аԥсахрақәа инарықәыршәаны адепутатрахь акандидатцәа рышықәс 23 рҟынтәи 25 рахь ихагалан.

Ахаланпхгараҭаратә органқәа рахь раԥхьатәи алхрақәа мҩаԥган 1998 шықәса

Ажәабжьқәа зегьы
0