Визада аиҭанеиааира аизыҟазаашьақәа арӷәӷәоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахашаҽны аратификациа азнауит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара визада аиҭанеиааираз аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, ишаԥымза 7 — Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара визада аиҭанеиааираз аиқәшаҳаҭра алагала ду ҟанаҵоит, егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәа инарыцны, атәылақәа рыҩба рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы ҳәа азгәеиҭеит АУА Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алан Кочиев Аԥсны Апарламент аратификациа зызнауз аиқәшаҳаҭра далацәажәо. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны авизатә режим аусура иалагеит

Аԥсны Апарламент ахашаҽны аратификациа азнауит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара визада аиҭанеиааираз аиқәшаҳаҭра.

Кочиев иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара визада аиҭанеиааира иахьагьы аус шауа, аха аиурист ҟазшьа шаҭатәу Аԥсны иҟанаҵаз алагала ҿыцқәа ирхьырԥшны.

"Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара визада аиҭанеиааираз аиқәшаҳаҭра алагала ду ҟанаҵоит атәылақәа рыҩбагь рзы, иармариоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа реиҭанеиааира", — иҳәеит Кочиев.

Аиқәшаҳаҭра рыдкылоуп хәышықәса ҿҳәарас иаҭаны, азин ҟаҵоуп иааиуа егьырҭ ашықәсқәа рызгьы ацҵара. Адокумент азин ҟанаҵоит визада, атәылауаҩ ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент ала аиҭанеиааира.

Ажәабжьқәа зегьы
0