Авизатә режим ганкахьала аԥыхра атәыла Ахада илшоит

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, мшаԥымза 6 рзы "Аԥсны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы" Азакәан аԥсахрақәа Апарламент аҟны ирыдыркылеит.

АҞӘА, мшаԥымза 7 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ахаша, мшаԥымза 6 рзы "Аԥсны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы" Азакәан аԥсахрақәа Апарламент аҟны ирыдыркылеит. Ариашара ҿыц инақәыршәаны Авизатә режим ганкахьала аԥыхра атәыла Ахада илшоит.

Аԥсны Ахада Апарламент аҟны ихаҭарнак ҳкорреспондент иеиҳәеит азакәанԥҵара иазуу аԥсахрақәа инарымаданы Аԥсны Ахада азин шимоу ганкахьала егьырҭ атәылақәеи Аԥсни рыбжьара визада аиҭанеиааира ашьақәыргылара.

"Аус зуа азакәан аредакциаҟны иарбоуп Аԥсныҟа визада аара, алалара азин рымоуп ҳәа атәымтәылауаа, зҳәынҭқаррақәеи Аԥсни жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьоу. Аԥсны Ахада ариашара ҿыц инақәыршәаны илшоит ганкахьала визадатәи аиҭанеиааира шьақәиргылар, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зыбжьам Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа рзы", — иҳәеит иара.

Шамба иажәақәа рыла ари иалшоит авизақәа рыҭара еиҳа ирманшәаланы. "Атәылауаа, Аԥсны иаҭаауа, иаҳҳәап атурист хықәкы рыманы, авиза рҭахым, аусура хықәкны изманы Аԥсныҟа иаауа – аусутә виза рҭахны иҟоуп" — иҳәеит иара.

Мшаԥымза 1 инаркны Аԥсны амчра аиуит атәымтәылауаа рзы авизатә режим, урҭ рҳәынҭқаррақәеи Аԥсни жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра рыбжьамзар. Арахь иаҵанакуам Урыстәыла, Никарауа, Тувалу, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие.

Ажәабжьқәа зегьы
0