Апарламент аҟны Азакәан апроект ҿыц рыдыркылеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿы “Административтә зинеилагарақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Акодекс арҽеирақәа ралагалара азы” азакәан апроект рыдыркылеит.

АҞӘА, мшаҧы 7 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿы “Административтә зинеилагарақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Акодекс арҽеирақәа ралагалара азы” азакәан апроект рыдыркылеит ахаша, мшаԥымза 6 рзы.

Азакәан апроект аԥшьгаҩ, адепутат Алмас Џьапуа, иарбоу азакәан апроект аҿы автомашьынақәа рсаркьақәа реиқәара ахьынӡалшо ауп зыӡбахә ҳәо, ҳәа иазгәеиҭеит.

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Зынӡа акы умбо асаркьа ареиқәара, жәаҳәарада иҟалаӡом, аха ахәҭакала алашарацәыхьчаратә ареиқәара азы азин ыҟазароуп. Иарбоу азакәан апроект аҿы автомашьына асаркьа ареиқәара абас еиҧш апараметрқәа шьақәырҕәҕәоуп: иреиқәоу асаркьақәа рхархәаразы азин ыҟоуп (аныҷҷалара зылшо асаркьақәа аламҵаӡакәа) азы алашаранашьҭра 75% еиҵамзароуп, егьырҭ иреиуоу асаркьақәа рзы – 35%. Аҧшацәыхьчаратә аҧхьатәи асаркьа иахьаҵанакуа ишьақәгылахо ареиқәаратә цәаҳәақәа ршәагаа 10 сантиметр еиҳамзароуп", — иҳәеит иара.

Адепутат Аслан Кобахьиа иҳәеит ари азакәан дшадымгыло. Уи аҿар ирзырхоуп иҳәеит иара. Иара убасгьы азакәан иадымгылеит Дмитри Шамбеи Алексеи Ломиеи.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акодекс ахәҭаҷ 116 аԥсахра рыдыркылеит аактәии, аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа раан.

Аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны алашаранашьҭра 75% еиҵамзароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0