АҞӘА, мшаԥымза 7 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Минск иаанартит амультимедиатә пресс-центр. Аартра ацеремониа азкын Беларуссиеи Урыстәылеи рыбжьара астратегиатә еилахәыразы актәи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра 20 шықәса ахыҵра. Ацеремониа иалахәын Беларусиатәи Ареспубликаҟны иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Александр Суриков, амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Кисилев.
Авидеоцҳатә диалог иатемақәаны ирылацәажәан аполитикатәи, асоциал-економикатәи, акультуратәи, аҭҵаарадырратәи, аҵаратәи, аспорттәи усхкқәа рҟны еиҳа инарҭбааны аинформациа аарԥшразы атәылақәа рыҩба ринформациатә еилахәыреи аинтеграциеи рызҵаарақәа.
Ацеремониа асасцәа ихы нарзырханы Дмитри Кисилиов иҳәеит: "Иахьатәи ахҭыс Москвеи Мински рыбжьара астратегиатә информациатә цҳа ахҵароуп иаанаго. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Минск иаанартит амультимедиатә пресс-центр. Ари иаанагоит Мински адунеи егьырҭ ақалақьқәеи рыбжьара аиформациатә цҳа бжьаҵахоит ҳәа".
Амультимедиатә пресс-центр аартра алахәылацәеи асасцәеи ирыдгалан Беларуссиеи Урыстәылеи рыбжьара астратегиатә еилахәыразы актәи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра 20 шықәса ахыҵра иазкыз афотоекспозициа.
Беларуссиатәи Ареспубликаҟны иаатыз амультимедиатә пресс-центр Sputnik ҳаамҭа иақәшәо медиатә ҭыԥуп, еиқәыршәоуп зыҩаӡара ҳараку ахархәагақәа рыла. Араҟа иалшоит зформат ҭбаау ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Апресс зал 40 ҭыԥ амоуп, иара убасгьы иамоуп аинформациа адкылареи ашьҭреи алзыршо аинфраструктура, Wi-Fi асинхронтә еиҭагареи рылшарагьы абрахь иналаҵаны.
Апресс-центр иазыԥхьагәанаҭоит Беларуссиа аполитикатәи аекономикатәи ҿиара иазку; асоциалтә усхки аџьеи ирызку; акультуреи аспорти рызҵаарақәа ирызку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Арахь иаҵанакуеит иара убасгьы Чернобыльтәи АЕС аҟны иҟаз авариа ааха знаҭаз аҵакырадгьылқәа рырҿиара азҵаарақәагьы. Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәеи. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.