Акцизқәа рыхәԥса ацлара Аԥсны иԥырхагахом

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ахҳәаа аиҭеит Урыстәыла абылтәы ахәԥса ацлара Аԥсны анырра анаҭо ианамҭо

АҞӘА, мшаԥымза 8 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ахҳәаа аиҭеит Урыстәыла абылтәы ахәԥса ацлара Аԥсны анырра анаҭо ианамҭо. Абылтәы азы акцизқәа рыхәԥса ацлара Аԥсны иаԥырхагахом, иҳәеит аминистр.

Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла Урыстәыла абылтәы азы акцизқәа рыхәԥса азырҳара аҩныҵҟатәи аџьармыкьоуп анырра знаҭо. Аекспорт ахь ицо атауар акцизтә шәахтәԥса иаҵаркхом ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

"Аԥсны атәы ҳалацәажәозар, аекспорт тауарқәа акцизтә шәахтәԥса иаҵаркӡам", ҳәа азгәаҭо Адгәыр Арӡынба иҳәеит 2015 шықәсатәи адыррақәа инарықәыршәаны Аԥсныҟа иаауа абылтәы шәы-процентк Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәоуп иахьаауа.

"Иҟоуп Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржа. Араҟа имҩаԥысуеит аилахәаахәҭрақәа рацәаны, абылтәгьы абрахь иналаҵаны. Иараҟны ибзианы иубарҭоуп ахәԥсеиҿкаара адинамика", — иҳәеит Арӡынба.

Иара иҳәеит адинамика уахәаԥшуазар, 2014 шықәса мшаԥымзазы тоннак абылтәы 33 600 мааҭ ишаԥсаз, иара убри ашықәс нанҳәамзазы – 40 000 мааҭ рҟынӡа ишхалаз.

"Аҵыхәтәантәи аԥшьышықәса ганы ҳара абри адинамика анализ азаауит. Иазгәаҳҭеит аӡынразы абылтәы ахәԥса еиҳа ишеиҵахо, ааԥынреи аԥхыни – ишеизҳауа", ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Иара убасгьы иҳәеит изыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә абылтәы ахьаҵанамкуа инақәыршәаны иҟоу ахәқәа раанкылара ҳалҳаршоит ҳәа.

Иара убри аан абиржаҟны ахәқәа рыԥсахра иахҟьаны иҟалоит араҟагьы ахәқәа ирыцлар, аха ус шакәхогьы аԥснытәи аџьырмыкьа аҟны ахәԥсақәа урыстәылатәи аџьырмыкьа аҟны аасҭа еиҵахоит.

2016 шықәса жәабранмзазы Владимир Путин инапы аҵаиҩит Адҵа, абылтәы азы ашәахтә ацҵаразы.

Убри инақәыршәаны абиржатә хәқәа 20% рыла ирызҳаит.

Ажәабжьқәа зегьы
0