Ашхәаԥшра змоу ачашәқәа амилаҭтә чыс иахәҭакхеит, ареспублика иашьанан иҟалеит. Ачашә аԥшра Нои ишхәа угәаланаршәо еиҿкаауп.
Дара напылоуп ишырфо. Абри аӡымҭа арецептура шәышықәсала аҽеиҭанамкыцт. Аҟәатәи аресторанқәа руак ахәыҟаҵаҩ-хада Ваган Домболиан агәра ҳиргеит араҟа маӡа ҳәа акгьы шыҟам.
Зхаҭабзиара ҳараку ачашыла, акәтаӷьқәа, арчыга, маҷк ашьақар – уаҳа акгьы. Иҟоуп ахш алазҵо, аха Ваган аӡы еиҳа еиӷьны ибоит.
Амажәа арчыга ала икәаҳазароуп, аҽакызар – уи аҷаратә чашә акәхаӡом. Ачашә ашә агәыларҵоит, Ваган ашә иациҵоит ҩба-хԥа кәҭаӷь аӡа.

1/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аусуратә мшы иалагоит асааҭ ааба рзы. Асааҭ жәаба рзы ақьафурҭахь раԥхьатәи аҭааҩцәа неиуеит.

2/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҟәатәи аресторанқәа руак ахәыҟаҵаҩ-хада Ваган Домболиан агәра ҳиргеит ачашә аӡразы маӡа ҳәа акгьы шыҟам.

3/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Зхаҭабзиара ҳараку ачашыла, акәтаӷьқәа, арчыга, маҷк ашьақар – уаҳа акгьы.

4/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ацех аҟны аус зуа ахацәа заҵәык роуп.

5/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Амажәа акәаҳара амахәҿа ӷәӷәа аҭахуп.

6/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
180 грамм чашәк иазхоит ҳәа. Иацымкәа, иагымкәа.

7/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Амажәа аԥечка иҭарҵаанӡа 15 минуҭ астол иқәзароуп ачразы.

8/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ацех аҟны уажәы ахәыҟаҵаҩцәа ҩыџьеи практикантки аус руеит. Асезон иалагаанӡа.

9/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ачашә ашә агәыларҵоит, ашә иацырҵоит ҩба-хԥа кәҭаӷь аӡа.

10/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ачашә асахьа Нои ишхәа угәаланаршәоит.

11/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иҟоуп аҭааҩцәа ашәи акәтаӷьи еилырхны иҿазҵо.

12/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Азал агәҭа игылоу амҿтәы ԥечка аныҟарҵаз ҳәа аӡәгьы игәалашәом. Иҟалап аԥсуа ҭауадцәагьы иара иааҭыргаз ачашәқәа шаҳә-шаҳәуа инарымҵарҵозар. Аха, абар шықәсыбжак ҵуеит уи усурада иҟоижьҭеи. Ақьафурҭа анапхгара дырзыԥшаауам уи арҽеира зылшо аҟаза.

13/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ачашә хиоуп. Чашәк аӡра 10 минуҭк рҟынӡа аҭахуп.