АҞӘА, мшаԥымза 11 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҳара изаҳҭахузеи аҳәынҭқарра? Изаҳҭаху акызаҵәык ауп: ҳажәлари, ҳҳәынҭқарреи, ҳбызшәеи, ҳкультуреи, даҽакы иаламҩашьо ҳмилаҭ ахаҿреи еиқәҳархарц. Амал, даҽа ҳәынҭқаррак аҿгьы арҳара алшоит.
Аԥсуа жәлар иӷәӷәоу аҳәынҭқарра рымазароуп. Лассы-лассы иалацәажәалатәуп аԥсуара ицәырнаго азҵаарақәа. Уи ажәлар ирыларҵәалатәуп. Уахи-ҽни ҳаиҳабацәа, ҳанацәа, ҳабацәа иныҟәыргоз иаҳцәыӡқәаз ажәытәра иагақәаз ыҟоуп. Ииашоуп, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, ҳацныҟәароуп.
Аха, иҳамоу аихаҳара ҳалҳаршароуп, ацәқәырԥақәа ҳаҽрыҳамҭароуп. Аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инаганы, иҟоу аинститутқәа ҳхы иархәаны, ҳҵарауаа ҳарзыӡырҩны, аматериалқәа еиқәыршәаны, ҭцаара-дыррала ҳазнеины, имыӡырц ашәҟәқәа ирнаҳҵароуп. Аԥсуа қьабз, аԥсуа хымҩаԥгашьа, ган рацәала ҳазнеироуп, ҳабиԥарақәа ирымаҳдароуп. Доусы ҳаҩнаҭақәа рҿы иазгәаҳҭалароуп.
Ҳқьабыз иацәтәыму аҟазшьақәа ҳадҳамкылароуп. Ҳара ҳанхәыҷқәаз, абыргцәа ахьтәаз раԥхьа ҳаиасны ҳцаӡомызт, аԥсшәа раҳҳәарц азы ҳнапы рхха ираҳҭаӡомызт. Аихаҵгылара, апатуеиқәҵара, аихӡыӡаара ыҟан. Аԥсуа бызшәа амацара инхар акагьы иаԥсаӡам, аԥсуа қьабз ацымкәа.
Иара убас, аԥсуа қьабзгьы акагьы иаԥсаӡам, аԥсшәа ацӡамкәа. Дара-дара хеибарҭәаароуп, еицызароуп, еиҟәыҭхашьа амаӡам, аус адулатәуп. Иҳалшоузеи иахьа иҳамоу аҟынтәи иҳахьчарц? Иаҳцәыӡыз иарбану, иаҳцәыӡран иҟоу ҳдыруама? Урҭқәа зегьы ҭҵаарадыррала ҳазнеироуп.
Руак иадымхаргьы ианаҳзеиқәырха, аԥсҭазаара аларҵәара анҳалҳарша, ԥхьаҟа анҵыра маиурц залшом. Ҳмилаҭ ахаҿра ҳахьчароуп, ҳкультура ашәарҭара иҭаҳмыргылароуп. Аԥсуа ахдырра ҳаракы аарԥшны, илшо зегьы ҟаиҵароуп иаԥсуара аиқәырхаразы. Аиҳабацәа ҳнаҩс иааиуа аиҵбацәа аҿырԥшы бзиақәа дҳарбароуп, иҳааӡароуп, амҩа иаша иқәаҳҵароуп.