Аԥсны астатистика хырыҩ азыруам

© Sputnik Роберт ДжопуаЛела Качарава
Лела Качарава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭстатистика Аусбарҭа анапхгара анаплакқәа ирыдырҵоит аҳасабеилыргаратә ҳасабырбақәа рыҭара дырццакырц.

Аԥсны аҳәынҭстатистика Ауссбарҭа анапхгара анаплакқәа ирыдырҵоит аҳасабеилыргаратә ҳасабырбақәа рыҭара дырццакырц. Абри аганахьала проблемақәаны иҟоу дҳазрылацәажәеит Аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Лела Каҷараа.

Sputnik, Роберт Џьапуа

- Лела Виачеслав-иԥҳа, ишԥарыхәҭоу анаплакқәа рыҳасабырбақәа Аусбарҭахь раашьҭра?

— "Аҳасабеилыргаратә ҭаҩра" Азакәан инақәыршәаны аҳасабырбақәа араионқәеи ақалақьқәеи Ршәахтә инспекциахь инаргалароуп аквартал иашьҭанеиуа амза жәохә рҟынӡа.

- Иаарышьҭуа аҳасабырбақәа рхаҭабзиарақәа зеиԥшроузеи? Иҟалалома агхақәеи аилагарақәеи?

— 2015 шықәса рзы ашықәстә ҳасабырба азырхиараан ауадаҩрақәа ҳаман. Абалансқәа рхаҭабзиара лаҟәын. Уажәы аҳасабеилыргаҩцәа реиҳараҩык абаланс ацҵақәа ҳзаарышьҭуеит, аха иҟалалоит аилагарақәагьы. Аҳасабырбақәа агхақәа шрымоу ҳара Аминистрцәа реилазаарахьи Аекономика аминистррахьи излаҳашьҭуеи. Астатистикатә ҳасабырбақәа роуп шьаҭас иамоу аиндикативтә плангьы.

- Аилагарақәа раан анаплаки аҳасабеилыргаҩи ирҭакԥхықәрозеи?

— "Астатистикатә усуразы" Азакәан ҳамоуп. Уа иарбоуп зегьы.

- Иарбан проблемақәоу шәус аҟны иҵегь ишәԥыло?

— Иҟоуп аҳасабеилыргаҩцәа знапынҵақәа ирызхьамԥшуа. Урҭ аҳасабырбақәа шааргалак ҳаргьы иаҳзыҭҵаауам. Дара цоит, нас зҵаарак ҳаур мчыбжьыла ҳарзыԥшуп аҭагылазаашьа аилыргаразы.

- Мзызс иамоузеи ари аҭагылазаашьа? Аҳасабеилыргаҩцәа аамҭа рзымхара акәу рдырра амаҷра акәу?

— Раԥхьа иргыланы астатистика атәамбароуп. Ари аҭагылазаашьа ҳарҽеироуп. Уаҳа ас ҟалашьа амам.

- Аҳәынҭстатистика ахь аҳасабырбақәа назышьҭуа аиурист хаҿқәа заҟа ыҟада?

— "Анаплакқәеи аиҿкаарақәеи иаку рҳәынҭқарратә реестр" аҟны иҭаҩуп х-нызқьи бжаки аиурист хаҿқәа. Урҭ рҟынтәи ҩ-нызқь рҟынӡа ҳара ҳахь иааргалароуп аҳасабырбақәа.

- Нас урҭи шәареи ишәзеизыҟазаашьоуи? Рнапынҵақәа ишахәҭоу инарыгӡома?

— Рыбжаҩык иааргахьеит. Аҳасабырбақәа ианраамҭоу иаагатәуп. Иаанхаз мчыбжьык ауп. Ҳара ҳусурақәа зегьы мҩаԥаагоит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә статистика Аусбарҭа азы" аԥҟара инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0